"Аҵх амузеи аҟны" лаҵрамза 18 рзы имҩаԥысуеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҵх амузеи аҟны
Аҵх амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи рыҟны лаҵарамза 18 рзы ашәқәа аартуп 18:00 сааҭ инаркны 24:00 сааҭ рҟынӡа.

АҞӘА, лаҵарамза 17 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Жәларбжьаратәи амузеи амш аҽны Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ирымоуп алшара амузеи иаҭаарц, ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәырц. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥган 2015 шықәса рзы. Сынтәа акциа рҽадыркылеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи.

"Шықәсык ахь знык Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ирымоуп алшара амузеи иаҭаарц, уи адагьы ауснагӡатә ҷыдақәа рхы рыладырхәырц. Ҵыԥх ҭаацәала иааиуан амузеи ахь. Имҩаԥысуа зегьы аинтерес ду амоуп", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатуеит абри ауха Аԥсны ашәышықәсабжьаратә ҭоурых азал ҿыц. Имҩаԥгахоит ахәыҷқәа рзы аинтерактивтә хәмаррақәа.

Старший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: раԥхьаӡа акәны аԥҳәыс хҭырԥа ахьызба Мгәыӡырхәа ақыҭаноуп

Амузеи аҩбатәи аихагылаҟны, аетнологиа азал аҿы имҩаԥгахоит ахәыҷы иира иадҳәалоу аԥсуаа рқьабызқәа дырбара, амилаҭ-хәмаргақәа рмастер-класс.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи аҿы имҩаԥгахоит ажәеинраалақәа рыԥхьара, аклассикатә музыка амҩаԥгара.

Владислав Арӡынба изку афильм ҿыц "Владислав Арӡынба. Аԥхьагылаҩ идрама" аӡыргараан изымнеиз ироуеит алшара Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны асааҭ 18 рзы абара.

Арсалиаԥҳа илҳәеит ҽааны аусмҩаԥгатәқәа еиҳагьы ирҭбааны ишазыԥхьагәаҭоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0