АҞӘА, лаҵарамза 17 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Атәыла анапхгара алацәажәеит аҩаша, лаҵарамза 17 рзы, аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәа. 2016 шықәса рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 30 процент рҟынӡа ацлоит, иҳәеит аилацәажәараан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.
"Атуризм Аԥсны аекономикатә усхкқәа инарылукааша акакәны иҟоуп. Рыцҳарас иҟалаз иара еснагь хра аманы ҳхы иаҳзархәом. Ус шакәугьы атуризм иалнаршоит аҳәынҭқарреи атәылауааи аԥара дырҳартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара", — иҳәеит иара.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит атуристцәа ршәарҭадара ишазхьаԥштәу, амедицинатә цхыраара аума, рыкрыфара-чара аума, рынхареи рныҟәареи роума зегьы аҵакы шрымоу.
"Сара изыхәҭоу аусбарҭақәа адҵа рысҭахьеит атуристцәа мҩанызго автотранспорт аҭагылазаашьа гәарҭарц", — иҳәеит иара.
Иара убасгьы дазааҭгылеит аплиажқәа рсанитартә ҭагылазаашьа.
Ҳаџьымба иажәақәа рыла ашәахтә аҭышәныртәалара апроблемақәа шамоугьы ашәахтә органқәа русура еиҳа ишьақәыргылоуп.
"Атуристтә рынок абжеиҳара ашәшьыра иҵоуп. Ирацәоуп иҟаҳҵаша. Очамчыра инаркны ԥсоунӡа аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵатәуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада иҳәеит иқәгылоу адҵақәа ишахәҭоу иназмыгӡо зегьы аҭакԥхықәра ишаҵагылоу.