Аҳәааҟны адокументқәа ргәаҭара минуҭбжакгьы иадхалом

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла анапхгара аҩаша, лаҵарамза 17 рзы ирылацәажәон аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара амеханизмқәа.

АҞӘА, лаҵарамза 17 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Атәыла анапхгара аҩаша, лаҵарамза 17 рзы ирылацәажәон аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара амеханизмқәа. Аԥсуа-аурыс ҳәаа аԥсуа ган аҟны адокументқәа ргәаҭара минуҭбжакгьы иадхалом, иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа.

Иара иҳәеит еиҿкаау агәыԥқәа атранспорт иҭмыжькәа, апассаџьырцәа рсиала агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит ҳәа.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа иажәақәа рыла акурорттә сезон аан аушьҭырҭатә пунктқәа русура рӷәӷәахоит.

Атуристцәа аҳәаа рахыжьра арманшәаларазы Урыстәыла аҳәаахьчаратә усбарҭа аусуҩцәа рхыԥхьаӡара иазнарҳаит.

Аԥсшьаҩцәа. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: 2016 шықәса рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 30 процент иацлоит

"Ус шакәугьы ауаа рацәа ҟалоит аҳәааҟны", — иҳәеит Марганиа.

Иара иазгәеиҭеит, уажәы, ауаа шырацәамгьы агәаранқәа шыҟалало.

"Аушьҭра алшара ҳәааркуп, убри ауп изыхҟьо аҭагылазаашьагьы", — иҳәеит Марганиа.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи аилацәажәара мҩаԥыргар шакәу, иҟоу азҵаарақәа раԥыхразы.

Иара убасгьы далацәажәеит зны-зынла аҳәаахьшьцәа рхымҩаԥгашьа учҳартә еиԥш ишыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0