Раԥхьатәи атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рырҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРаԥхьатәи атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рырҭеит
Раԥхьатәи атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рырҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аинновациатә проект "Система автоматизации выпуска и учета документов граждан Республики Абхазия" аӡыргара мҩаԥысит ахаша, лаҵарамза 18 рзы Аминистрцәа Реилазаараҟны.

АҞӘА, лаҵарамза 18  — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи аинновациатә проект "Система автоматизации выпуска и учета документов граждан Республики Абхазия" аӡыргара мҩаԥысит ахаша, лаҵарамза 18 рзы Аминистрцәа  Реилазаараҟны. Аӡыргараҟны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ириҭеит аԥхьатәи атәылауаҩшәҟәқәа ԥшьба. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит ҳкорреспондент.

"Гознак" имҩаԥнагаз аусура ахаҭабзиара ҳарак амоуп", ҳәа азгәеиҭеит Аԥыза-министр Артур Амқәаб.

Апроект "Система автоматизации выпуска и учета документов граждан Республики Абхазия" иазыԥхьагәанаҭоит адыррақәа аус рыдызуло ҳаамҭазтәи ацентр аԥҵареи Аԥсны атәылауаа адокументқәа рыҭараз иаку ацентр аԥҵареи.

"Гознаки" Аԥсни акырҵуеит лҵшәабзиала аусеицура мҩаԥыргоижьҭеи", — иҳәеит "Гознак" адиректор хада Аркади Трачук.

Атәылауаҩшәҟәы рыҭара апроект иазыԥхьагәанаҭоит 2016 шықәса нҵәаанӡа аусурақәа рхыркәшара. Атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа кьыԥхьын урыстәылатәи "Гознак" аҟны.

Адокумент ахьчара ду амоуп. Уи азы ахархәара рыҭоуп ҳаамҭазтәи ахьчаратә технологиақәа, иҷыданы абри адокумент азы иаԥҵаз ахьчаратә ҟазшьақәагьы абрахь иналаҵаны.


Ажәабжьқәа зегьы
0