АҞӘА, лаҵарамза 19 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсни Урыстәылеи рмобилтә операторцәа рыбжьара Амеморандум анапы аҵаҩуп Аҟәа. Иара инақәыршәаны ароуминг аҟны аимадара ахәԥсақәа реиҵатәра иақәшаҳаҭуп Аԥсни Урыстәылеи рмобилтә операторцәа. Абри атәы иҳәеит
Урыстәылатәи Афедерациа аимадареи амассатә коммуникациақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Волин.
"Амобилтә еимадара аоператорцәа иазгәарҭеит ахәԥсақәа реиҵатәра азҵаара ахәаԥшра ишазыхиоу. Уи акраҵанакуеит атуристцәа Аԥсны радыԥхьаларазы", — иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рмобилтә операторцәа рыбжьара Амеморандум анапы аҵаҩуп ҳәа.
Аинформациатә портал Sputnik аԥсышәалеи урысбызшәалеи Аԥсны Аҳәынҭқаррарҟны аусура иалагеит 2014шықәса рзы, ԥхынҷкәын. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда аԥхьаҩцәа ирыднагалоит еиуеиԥшым агәаанагарақәа, адунеитә ажәабыжьқәа. Арадио Sputnik Аԥсны акәзар атәыла аҵакырадгьыл зегьы иахьаҵанакуа арадиодырраҭарақәа мҩаԥнагоит, азыӡырыҩцәа ажәабжь ҿыцқәеи, ауаажәларра-политикатәи акультуратәи тематика иатәу апрограммақәа рыдгало.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Sputnik амультимедиатә пресс-центр (Аҟәа, Пушкин имҩ., аҩ. 16) – ҳаамҭазтәи мультимедиатә плошьчадкоуп. Ҳаамҭа иақәшәо атехникала еиқәыршәоуп. Иалшоит еиуеиԥшым аформат ала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара адунеи иарбанызаалак аҭыԥ аҟынтәи. Асасцәеи ажурналистцәеи ирыднагалоит апресс-зал, аинформациа адкылареи анашьҭреи рзы аинфраструкттура маншәала, Wi-Fi.
Sputnik (sputniknews.com) — жәабала атәылақәа рҟны амультимедиатә информациатә хабқәа змоу маҵзуроуп. Sputnik 30 инареиҳаны абызшәақәа рыла асаитқәеи, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәеи, асоциалтә ҳақәа рҟны амобилтә цҵақәеи адаҟьақәеи амоуп.