Апоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит

© Sputnik Рада АжьиԥҳаАпоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит
Апоет қәыԥш Инал Гыцба Сгәеисра-саамҭа захьӡу иҩымҭақәа реизга ҭыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет қәыԥш Инал Гыцба "Сгәеисра-саамҭа" захьӡу иҩымҭақәа реизга аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны лаҵарамза 19 аҽны.

АҞӘА, лаҵарамза 19 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит апоет қәыҧш, афилологиатә факультет астудент Инал Гыцба ишәҟәы “Сгәеисра – саамҭа” аӡыргара.

Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Уаҵәы иӡыргахоит апоет қәыԥш Инал Гыцба ишәҟәы

"Ҳмилаҭтә литература ахәышҭаара иахылҵуа алҩаҵә ҩазышьҭуа аҿарацәа рабиԥара дахаҭарнакуп, ҳашьха ӡиас цқьақәа ирауку Хыԥсҭа аԥшаҳәаҿы зырҿиаратә кәиц ҿыхаз Инал Гыцба. Акәыԥшра ацәа хаа зхьыкәкәо иҩымҭақәа ари раԥхьатәи реизга еиднакыло ажәеинраалақәа уанрыԥхьалак иуныруеит, ииашаҵәҟьаны урҭ апоет  ҿа "ԥсыцқьала иҭәу игәеисра" ишахылҵыз. Араҟа иубарҭоуп ахьхьа-хьхьаҳәа еихышәшәо бызшәа цқьала автор дышрымадоу иԥсадгьыл аԥсабара блахкыга асахьақәа. Иааидкыланы иуҳәозар урҭ зегьы аԥсҭазааратә философиеи, агәҭакы хаақәеи, ацәанырра ҟәымшәышәқәеи рхыԥша иахылҿиааз роуп", — ҳәа иҳәеит аӡыргара аартуа Владимир Анқәаб ихьӡ зху алитературатә кабинет аиҳабы, аҧсуа литература акафедра аусзуҩы Ахра Анқәаб.

Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, Инал Гыцба абаҩхатәра злоу астудентцәа ҿарацәа еидызкыло арҿиаратә еилазаара "Ацәыкәбар" дахагылоуп.

Аизга еиднакылоит 40 инареиҳаны Инал Гыцба иажәеинраалақәа, иара аҭыжьраз аҳарџь ахахьы иагеит Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы.

"Аҿартә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа иахьынӡаҳалшо аҿар еснагь адгылара раҳҭоит. Аҟазара знапы алаку, арҿиарамҩа ианыло рзы еснагь ҳарӷьажәҩаны ҳарзыҟалоит, иахьынӡаҳалшо", — ҳәа азгәалҭеит Аҿартә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аинформациатә ҟәша аспециалист Лана Аԥшьлааԥҳа.

Ашәҟәы “Сгәеисра – саамҭа” аӡыргара аҟны апоет қәыԥш иахь азеиӷьашьарақәеи абжьагажәақәеи рҳәеит ААУ афилологиатә факультет аиҳабы Арда Ашәба, аԥсуа бызшәа акафедра анапхагаҩы Оҭар Ӡиӡариа, аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа уҳәа убас ирацәаҩны, дара зегьы еицҿакны иазгәарҭоз акакәын, апоет абызшәа ацқьара дшацклаԥшуа, иажәеинраалақәа зегьы рыҟны иаарԥшу атемақәа иара ишизааигәоу.

"Аиашазы иахьатәи амш сара сзы акыр аҵанакуеит, иҭабуп ацхыраареи авагылареи сзыҟазҵаз зегьы", — ҳәа иҳәеит Инал Гыцба.

Аӡыргара ныҳәак аҳасабала имҩаԥысит, араҟа аҳра ауан ажәа сахьарк абжьи алафи.

Инал Гыцба раԥхьаӡа акьыԥхь ахь дцәырҵит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы журнал "Агара" адаҟьақәа рыҟны. Иҩымҭақәа рнылахьеит убасгьы агазеҭ "Аԥсуа Университет", ажурнал "Алашара", "Аԥсангьари".


Ажәабжьқәа зегьы
0