АҞӘА, лаҵарамза 20 — Sputnik. Мшаԥымза 25 инаркны Ҭырқәтәылатәи аалыҵ, абаклаџьанқәа Урыстәыла алагалара азин аанкылан, лаҵарамза 16 инаркны азин аанкылан асалаҭ аалыҵ алагалара. Аха Ҭырқәтәылатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ Урыстәылаҟа иахьаарымго ахәқәа ирыцнаҵоит ҳәа ишьатәым, иҳәоит афедералтә антимонополиатә маҵзура аиҳабы Игор Артемиев.
Уаанӡа Россельхознадзор аамҭала иааннакылахьан аҟабқәеи апатиссонқәеи Ҭырқәтәылантәи раагара.
Аҭагылазаашьа ахәқәа анырра рырҭома ҳәа иҭаз азҵаара аҭакс Артемиев иазгәеиҭеит: "Аҽа фирмақәак. Тәыла ҿыцқәак аус рыцура аамҭа аҭахуп акәымзар аҭагылазаашьа ахәеизырҳара арҿио иҟам" ҳәа.
"Асанкциақәа ралагамҭазы 200-300% зегь рыхә халеит, аха нас зегьы маҷ-маҷ иҭышәынтәалеит. Иран, Ермантәыла, Аԥсны ирылшеит Ҭырқәтәылатәи аалыҵ аԥсахра", — иҳәеит иара.
2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы Урыстәыла Ҭырқәтәылатәи ақыҭанхамҩа аалыҵ мап ацәнакит. Арахь иаҵанакит апатырқал, амандаринақәа, ажь, аҵәа, аҳа, атама, абҳәа, аҵыҵындра, акапусҭа, анаша уҳәа ирацәаны ахкқәа.
Иара убасгьы Урыстәылаҟа аагара ҟаломызт акәтыжьлых, аԥсаатә, аџьыкхыш.