Раиса Гәыблиаԥҳа аԥсуа бызшәа анаукаҿы ирацәаны аҿыцрақәа алалгалеит

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәРаиса Гәыблиаԥҳа иахьа илхыҵит 85 шықәса
Раиса Гәыблиаԥҳа иахьа илхыҵит 85 шықәса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа акафедра адоцент, афилологиатә наукақәа ркандидат, ҳаҭыр змоу ауниверситет апрофессор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ еиҳабы Раиса Гәыблиаԥҳа иахьа илхыҵит 85 шықәса.

АҞӘА, лаҵарамза 20 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ аиҳабы Раиса Гәыблиаԥҳа диит 1931 шықәсазы Ҟәланырхәа ақыҭан, абжьаратә школ далгеит 1950 шықәсазы. Қарҭтәи ауниверситет афилологиатә факультет Кавказтәи аҟәшаҿы аҵара лҵон 1951-1956 шықәсқәа рзы.  Қырҭтәылатәи анаукаҭҵааратә Академиа, абызшәадырра аинститут аҿы аспирантура далгеит 1963 шықәсазы. Акондидатә диссертациа лыхьчеит "Ахырхарҭатә ԥынгылақәа аԥсуа бызшәаҿы" атема ала. Раиса Гәыблиаԥҳа Аҟәатәи арҵаҩратә институт аԥсуа бызшәа акафедраҿы аусура далагеит 1957 шықәсазы.

"Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ Раиса Гәыблиаԥҳа сынтәа 60 шықәса ҵуеит иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсуаа иреиҳаӡоу ҳҵараиурҭа аҟны аус луеижьҭеи. Ари ауаҩ абаҩхатәра шьахә змоу, еиуеиԥшым аҭҵарадырратә усумҭақәа рыла ҳбызшәа анаука зырбеиаз, пату змоу лколлегацәеи астудентцәеи рыҟны ҵарауаҩуп. Аԥсуа бызшәа анаукаҿы ирацәаны аҿыцрақәа алалгалеит", — ҳәа иҳәеит ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы, апрофессор Оҭар Ӡиӡариа.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Раиса Гәыблиаԥҳа дырхаҭарнакуп раԥхьатәи аԥсуа бызшәа дырҵара иалагақәаз арҵаҩцәа, убри азын еснагь лус рацәан.

Гьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ӡиӡариа: алитература акафедра иашьагәыҭны иҟаз Гьаргь Гәыблиа иакәын

"Еиуеиԥшым амаҭәарқәа ирыԥхьон аԥсуа институт аҟны раԥхьатәи арҵаҩцәа, дара еиқәдыршәон арҵагатә шәҟәқәа, абри аус аҿы лара лџьабаа дара ирацәоуп. Хыԥхьаӡара рацәала астатиақәеи, анаукатә усумҭақәеи, арҵагатә шәҟәқәеи дравторуп. Иаҳҳәап: апедагогикатә факультет аҟны аԥсуа бызшәа зларҵо ашәҟәқәа лара лоуп еиқәзыршәаз. Ааигәа иҭлыжьит акырӡа аинтерес зҵоу ашәҟәы, уаҟа иагәылоу аматериал аԥсуа бызшәа аҿиаразы акырӡа имаҭәахәуп. Ажәакала, ирацәоуп лусумҭақәеи акафедраҟны лылшареи. Лышықәсқәа шмаҷымгьы, ллекциақәа бжьалыжьӡом, зҭакԥхықәра ҳараку рҵаҩны дыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ аиҳабы Раиса Гәыблиаԥҳа иахьа илхыҵит 85 шықәса.

"Лымш иира аҽны ААУ афилологиатә факультет анапхгареи, аусуҩцәеи, астудентцәеи зегьы рыхьӡала илыдысныҳәалоит лымш иира, илзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа, аԥсуа бызшәа еиҳа-еиҳа лусумҭақәа рыла илырбеиаларц", — ҳәа ациҵеит Оҭар Ӡиӡариа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент Раиса Гәыблиа, дравторуп арҵагатә шәҟәқәа ԥшьба, анаукатә усумҭакәа 70 инареиҳаны. 

Ажәабжьқәа зегьы
0