152 шықәса раԥхьа Кавказ ажәларқәа амҳаџьырра рхыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит атәыла ауаажәларреи асасцәеи, лаҵарамза 21 ахәылбыҽха.

АҞӘА, лаҵарамза 21 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит, лаҵарамза 21 ахәылбыҽха. Асааҭ 19:00 рзы абаҟа аҿаҧхьа иалагеит ахәылҧазтәи апрограмма, иара убри аамҭазы раҧхьаӡа акәны иӡыргахеит агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-ашьамаҟа.

Иахьа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит - Sputnik Аҧсны
Иахьа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

"Ари аус напы анаҳаркы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа иҳабжьеигеит ес-шықәса иҟарҵо амца ахаҭыԥан, сынтәа ашьамаҟа аҟаҵара. Баҭал Џьапуеи, Ҭемыр Ҟаитани, Ҭемыр Ӡиӡариеи акциа хацзыркыз аҿар рхаҭарнакцәеи ирыбзоураны ашьамаҟа еиқәҵахеит, иара ҩ-метраки бжаки иҟоуп, аҟаҵара ԥшь-мыш ҳагеит. Иазгәасҭарц сҭахуп ашьамаҟазы ацәа цқьа аџьармыкьаҿы ишааҳамхәыз, ацәа ҳзаарышьҭит Аԥсны ақыҭақәа рҟынтә анхацәа —ԥсаԥуп ҳәа иԥхьаӡаны. Сынтәа инаркны иааиуа ашыкәсқәа рзы иахьатәи амш ихадоу символны иҟалоит ашьамаҟа", ҳәа лҳәеит амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш иазку акциа аиҿкааҩцәа рхаҭарнак Дифа Габниаԥҳа.

Иахьатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара алнаршеит  ауаажәларратә еиҿқаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни", аҿар рхаҧшьгаратә гәыҧи.

"Аԥсуа-адыга жәлар рхарҵәара амш азгәаҭара ахацаркра рыбзоурахеит аҿар Дмитри Габелиеи, Бадраҟ Аҩӡбеи, Алхас Қаԥшьи, ҳидеиа авагылара арҭеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" аусзуҩцәа, ҳаҭала иара анапхгаҩы Сонер Гогәуа, абарҭ зегьы ирыбзоуроуп ари аусмҩаԥгатә ҟалартә изаларшахаз", —  ҳәа ацылҵеит лара.

Агәаларшәаратә хәылԥазы иалахәын Ҭырқәтәылантәии Шьамтәылантәии зҭоурых ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

"Ишыжәдыруа еиԥш иахьа ахҵәара амшоуп, алахьеиқәҵаратә амш ауп. Сара сынтәа нахыс ари амш аҽны ахҵәара иазкны сҵәыуар сҭахӡам. Шықәсык ахь знык сҵәыуар ацкьыс 355 мшы ҳаԥсадгьыл ашьақәыргыларазы, атәым дгьылаҿ инхо ҳашьцәа Аԥсныҟа раагаразы аус адызулар еиҳа исҭахыуп", — иҳәеит ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥаз хыркәшан ашьамаҟа абылрала. Еизаз зегьы  амшын аҟәараҟны ацәашьқәа адыркит.

Кавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абаза. XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0