Асааҭ 19:00 рзы абаҟа аҿаҧхьа иалагеит ахәылҧазтәи апрограмма, иара убри аамҭазы раҧхьаӡа акәны иӡыргахеит агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-ашьамаҟа.
"Ари аус напы анаҳаркы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа иҳабжьеигеит есы-шықәса иҟарҵо амца ахаҭыԥан, сынтәа ашьамаҟа аҟаҵара. Баҭал Џьапуеи, Ҭемыр Ҟаитани, Ҭемыр Ӡиӡариеи акциа хацзыркыз аҿар рхаҭарнакцәеи ирыбзоураны ашьамаҟа еиқәҵахеит, иара ҩ-метраки бжаки иҟоуп, аҟаҵара ԥшьы-мыш ҳагеит. Иазгәасҭарц сҭахуп ашьамаҟазы ацәа цқьа аџьармыкьаҿы ишааҳамхәыз, ацәа ҳзаарышьҭит Аԥсны ақыҭақәа рыҟнытә анхацә-ԥсаԥуп ҳәа иԥхьаӡаны. Сынтәа инаркны, иааиуа ашыкәсқәа рзы иахьатәи амш ихадоу символны иҟалоит ашьамаҟа", — ҳәа лҳәеит амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш иазку акциа аиҿкааҩцәа рхаҭарнак Дифа Габниаԥҳа.
Иахьатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара алнаршеит ауаажәларратә еиҿқаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" аҿар рхаҧшьгаратә гәыҧи.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы хыркәшан ашьамаҟа абылрала. Еизаз зегьы амшын аҟәараҟны ацәашьқәа адыркит.
Кавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абаза. XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.