Ҩеижәа инареиҳаны Агрба имҩаҟны аҩнқәа аӡы рыҵалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАӡхыҵра.
Аӡхыҵра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟалаз ақәаршыҩ иахҟьаны аӡиас Басла аҭыԥ иҭыҵны Агрба имҩаҟны инхо ауаа ирыҵалеит.

АҞӘА, лаҵарамза 25 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиас Басла аҭра иҭыҵны Агрба имҩаҟны инхо ауаа ирыҵалеит. Абри атәы ҳзааицҳаит абраҟа инхо Дмитри Ломиа.

Дмитри Ломиа иажәақәа рыла рыҩны ааигәара аӡиас Басла ииасуеит. Ақәаршыҩқәа раан аӡы хыҵуеит.

"Абасеиԥш есышықәса иҟалоит. Еснагь ашәҟәқәа ааҩуеит аха аӡәгьы ак ҟасҵандаз ҳәа дыҟам. Аӡы аҵлақәа, аҵиаақәа ҭиааит. Ашьҭра еималеит. Асеиԥш ҳанақәшәалак акомпенсациа ҳзыршәоит, аха уигьы еснагь ианырымшәо ыҟоуп" — иҳәоит иара.

Ломиа иазгәеиҭоит асовет аамҭақәа раан хәышықәса рахь знак аӡышьҭра дрыцқьон абарҭ аамҭақәа рзы иазхартә еиԥш ҳәа.

Последствия наводнения.
Последствия наводнения. - Sputnik Аҧсны
Последствия наводнения.

Дмитри Ломиа игәыла Шьалуа Гыцбагьы аӡхыҵра ааха инаҭеит.

"17 шықәса ҵуеит абра сынхоижьҭеи. Актәи аихагыла зегьы аӡы ҩналеит. Иҩназ зегьы ԥхасҭахеит. Исгәалашәоит Владислав Арӡынба ихаан аӡышьҭра шыдрыцқьаз. Хәбаҟа шықәса иазхеит", — иҳәоит Гыцба.

Ломиа Лиубов лажәақәа рыла аӡы иаалырҟьаны ирыҵалеит.

Последствия наводнения.
Последствия наводнения. - Sputnik Аҧсны
Последствия наводнения.

"Ҩбаҟа метра аҳаракыра аман иаауаз аӡы. Аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит — шәҳацхраа", — лҳәоит лара.

Ақалақь аӡы алалара зыхҟьаз ашьхарахь инеиз ақәаршыҩ ауп, лҳәеит Амуниципалтә усбарҭа "Аҟәа ақалақь Ахадара акоммуналтә усбарҭа" аиҳабы Елена Атепина.

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследствия наводнения.
Последствия наводнения. - Sputnik Аҧсны
Последствия наводнения.

"Сухумка хыҵны ақалақь иалалеит. Аӡы рықәуп Титов имҩа, Лакоба имҩа. Ақалақь акоммуналтә нхамҩеи АҶА аусзуҩцәеи реицхыраарала аӡы ацӡрҭақәа арҭоит", — лҳәеит лара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан Sputnik ахь адырра шыҟаиҵаз ала аӡхыҵра иахҟьаны машәыр ыҟам ақалақь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0