Делба: сырҿиара зегьы аԥсадгьыл агәхьаагароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Делба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Урыстәыла алитераторцәа Реидгыла алахәыла.
Владимир Делба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Урыстәыла алитераторцәа Реидгыла алахәыла. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Делба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Урыстәыла алитераторцәа Реидгыла алахәыла иоуп. Урыс бызшәала дыҩуеит. Москва дынхоит. Лаҵарамза 24 рзы 70 шықәса ихыҵит.

Владимир Делба – апрозаик, апоет, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Урыстәыла алитераторцәа Реидгыла алахәыла, ҳкорреспондент Анжжелика Бениаԥҳа илзеиҭеиҳәеит ирҿиара аҭоурыхи ԥхьаҟазы планқәаны имоуи ртәы.

- Владимир Михаил-иԥа, шәиубилеи шәыдысныҳәалоит. Ишԥалагеи иахьатәи шәымш?

— Москва ақәа леиуан, аха иахьа шьыжьнаҵы амра цәырҵит. Сгәалаҟазарагьы бзиахеит. Џьоукы амшира уԥсҭазаара иахыҵыз шықәсны иахәаԥшуеит.

- Шәара уи шәышԥахәаԥшуеи?

— Сара сышықәсқәа зегьы среигәырӷьоит. Урҭ еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа сырҭоит. Сынтәа акәзар, Дельвиг ихьӡ зху апремиа зырҭо рсиаҟны сыхьӡ ҳәахеит. Иара убасгьы жәларбжьаратәи алитературатә конкурс "Писатель XXI века" адиплом санашьахеит.

- Иахьатәи шәымшира раԥхьа ишәыдызныҳәалада?

— Аҭел дасит сҩыза, Борис Попов. Уи сара сҩызара адагьы Аԥсны даҩыза иашоуп. Амилаҭ библиотека адиректор Борис Ҷолариеи иареи еиҩызцәоуп. Нас — Тарас Шамба.

– 70 шықәса егьмаҷым. Шәара шәзы иара акраҵанакуама?

— Аԥсуа легендаҿы ирҳәоит 70 шықәса зхыҵуаз аԥа иаб диҳәон аԥҳәысаагара азин ииҭарц ҳәа. Ҳәарада ашықәс цәала-жьыла иуныруеит аха сыхшыҩ уи иаҿагыларц иаҿуп. Зны-зынла 17 шықәса сырҭоушәа анызбо ыҟоуп.

- Шәара асахьаҭыхра аҵара шәалгеит. Нас аҩрахьы шәышԥаиаси?

— Аԥсҭазаараҟны акгьы баша иҟалаӡом. Сҭәымҭа аамҭазы ҳақалақь аҟны аинтерес змаз ауаа рацәан. Сара избон агәалашәарақәагьы зыԥсҭазаара нзыжьуаз ишрыццоз. Исҭаххеит урҭ агәалашәарақәа ааныскыларц.

"Сухумский стереоскоп" (2012), "Амра, галеон юности моей" (2013), "Тетрис: синестезия в стиле стаккато-джаз", "Апсны, обитель души моей" (2015) захьӡыз сышәҟәқәа ҭыҵит.

– Аԥсны шәырҿиараҟны ҭыԥс иааннакылозеи?

— Зегь иреиҳау. Схәыцрақәа, сҩымҭақәа зегьы сгәырӷьара, сықәхьаагара, сыԥхарра ирылызгоит.

- Уажәы шәнапы злакузеи? Акыр шәыҩуама?

— Аидеиақәа рацәаны исымоуп. Аматериал еизызгоит. 1930-тәи ашықәсқәа раан инхоз ауаҩы изкуп.

— Азин сышәҭ хаҭала сыхьӡалеи Sputnik аредакциа алахәылацәа рыхьӡалеи шәиубилеи шәыдысныҳәаларц. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәҿиара шьахәқәеи. Иҭабуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0