Чыргба: аҳәааҟны иҟалаз – угәы узырхьуа хҭысуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЖеневатәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба ахҳәаа аиҭеит лаҵарамза 19 рзы аԥсуа-аурыс ҳәааҟны аҭыԥ змаз ахҭыс.

АҞӘА, лаҵарамза 25 – Sputnik, Бадрак Аҩӡба. Лаҵарамза 25 рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба ахҳәаа аиҭеит лаҵарамза 19 рзы аԥсуа-аурыс ҳәааҟны аҭыԥ змаз ахҭыс.

"Ҳара иаҳуалуп ҳрегион аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьыҟоу регионы аҟаҵара. Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ҳара ҳалацәажәараны ҳаҟоуп абри ахҭыс", — иҳәеит аминистр.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ, Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕС ахаҭарнак ҷыда Герберт Зальбер иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны арегион аҟны ашәарҭадара апроблемақәа ирылацәажәараны ишыҟоу.

"Ҳара иара убасгьы ҳалацәажәараны ҳаҟоуп аҳәааҟны аҭыԥ змаз арыцҳара. Иаадыруеит аус аҭҵаара ишаҿу. Нас алкаақәагьы ҟаҵахоит", — иҳәеит иара.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба. - Sputnik Аҧсны
Женева еилацәажәеит Галтәи аиԥыларақәа еиҭахацыркхарц азы

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд аҟны ирылацәажәахоит аимак змоу аганқәа рыбжьара амч ахамырхәара азҵаара, аекологиа азҵаарақәа, агуманитартә зҵаарақәа.

Виачеслав Чыргба иазгәеиҭеит Гал имҩаԥысраны иҟоу аиԥылара иатема хаданы иҟалоит аҳәааҟны аҭыԥ змаз ахҭыс ҳәа.

"Агәра аагар ҳҭахуп аиԥылара информациатә еиҿагыларак иаҭыԥны иҟаларым ҳәа, иҟоу аҭагылазаашьа ҭынч алацәажәара алҳаршап ҳәа", — иҳәеит иара.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14-15 рзы.

2016 шықәса лаҵарамза 19 рзы ақыҭа Батаигәара ааигәара, ахылаԥшра-аушьҭратә пункт "Набакиа" аҿы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзуҩы Рашид Канџьи-оӷли Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Оҭхозориеи аимак роуит. Аимак иахҟьаны Қырҭтәыла атәылауаҩ дыршьит. Аԥсны Арратә прокуратура ашьаус хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0