6:0 ҳәа Паданиаа Рециатәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

© Sputnik / Саида Жиба6:0 ҳәа Паданиаа Рециатәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит
6:0 ҳәа Паданиаа Рециатәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Паданиатәи ахәмарыҩцәа 6:0 аиааира ргеит аҩбатәи рыхәмарраҟны.

АҞӘА, лаҵара 30 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. ConIFA ахылаԥшрала имҩаԥысуа ашьапылампылтә чемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа, лаҵарамза 30 рзы Аԥсны Афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зхыу Гагратәи астадион аҟны имҩаԥысит ахԥатәи ахәмарра. Араҟа еиԥылеит Паданиеи Рециеи ркомандақәа.

Футбол. - Sputnik Аҧсны
4:0 ҳәа Лапландиатәи акоманда Сомалилендаа ираԥыргеит

Иазгәаҭатәуп, иацтәи ашьапылампылтә хәмарраҟны, Паданиаа Аҩадатәи Кипраа рҟнытә ҩ-мпылк шроурыжьыз. Аха апресс-конференциаҟны, Паданиа акоманда азыҟаҵаҩ Мерло Артуро иҳәеит, Рециаа ианрыцхәмаруа аҭагылазаашьа шырыԥсахуа. Иахьа ус иагьыҟалеит, Паданиаа 6:0 ҳәа Рециаа ириааит.

Ахәмарра ашьҭахь, ашьапылампылтә командақәа апресс-центр аҟны ажурналистцәа рыҿцәажәеит.

Иахьа изықәымҿиаз акоманда азыҟаҵаҩ Паскаль вон Уинчелреид иҳәеит, амҩа иарааԥсаны иахьыҟаз аҟнытә, Рылшарақәа шкәадахаз.

"Ҳара иацоуп Аԥсныҟа ҳанаа, избанзар апроблемақәа ҳазцәырҵеит амҩа ҳшықәгылаз, аха ҳгәы қаҳажьуам. Ҳаԥсы ааиҭакны алҵшәа арҽеира ҳалҳаршоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Рециатәи азыҟаҵаҩ.

Рециатәи ConIFA Ахеилак ахаҭарнак Уели Шлаттес заа Аԥсныҟа аара илшеит аҟнытә, далахәын адунеитә ашьапылампылтә чемпионат аартра ацеремониа. Уи иара ахаан игәы ишҭымҵуа иҳәеит.

"Сара сыбла иабоз зегьы саршанхеит. Артистцәа иаадырԥшит, ахаан исзымдыруаз атәыла аҭоурых, аҵас, ақьабз. Уи анаҩс, аҩаӡара ҳаракы аманы имҩаԥысуеит ахәмаррақәа. Ҳара ҳкоманда иахьа ампыл аҭаршәра алымшазаргьы, ари алакә тәыла аԥшӡара, ҳгәалаҟазаара бжьысыр ауам", — азгәеиҭеит Шлаттес.

Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, аспортсменцәа ирҳәеит агәаҳәара шрымоу аԥсуа чыси арыжәтә џьбареи агьама абара.

Паданиатәи акоманда ахаҭарнакцәа, иахьа аԥсуа уаҭкала риааира азгәарҭарц ргәиҭоуп.

"Саргьы шәгәырӷьара шәыцеиҩысшоит", — ҳәа реиҳәеит Аԥсны аҟазаара еигәырӷьо Паданиатәи ажурналист Кристиан Нистика.

Ажәабжьқәа зегьы
0