Роланд Гамгьиа тамбовтәи "иус"

© SputnikРоланд Гамгьиа.
Роланд Гамгьиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Тамбови еидызкылои аҳҭнықалақь Ахадара афинанстә усбарҭа аусзуҩ Роланд Гамгьиа Асееваа рхаҭарнак Аҟәа дшиԥшаази, уи лысаламшәҟәқәеи лфотосахьақәеи ртәы шәаԥхьар алшоит Sputnik аматериалқәа рҟны.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Аҟәантәи Томбовҟа

"Тамбов саннеилак аҩны сыҟоушәа схы збоит, убриаҟара ихааны, гәаартыла исԥылоит. Урыстәыла сахьымнеиц ыҟам аха Тамбоваа аҽакалашәаӡа иҟоуп. Аԥсуаа бзиа ҳарбоит", ҳәа еиҭеиҳәоит аҳҭнықалақь Ахадара афинанстә усбарҭа аусзуҩ Роланд Гамгьиа.

2011 шықәса рзы Аҟәеи Тамбови еишьцәеибатәит. Уаанӡагьы арҭ ақалақьқәа реимадарақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҿиара рыман. Зегь хацыркхеит Витали Ҷыҭанаа акаратистцәа қәыԥшцәа иманы атурнир "Тамбовский волчонок" рҽаладырхәырц Тамбовҟа ианнеи ашьҭахь. Уи ашьҭахь Роланд Гамгьиа иаԥшьгарала уаҟа иқәгыларц ицеит ахәыҷтәы ансамбль "Абаза", имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа.

© Фото : Владимир СередаПисьмо племянника Софьи Асеевой из Чили, найденное в доме на горе Чернявского
Письмо племянника Софьи Асеевой из Чили, найденное в доме на горе Чернявского - Sputnik Аҧсны
Письмо племянника Софьи Асеевой из Чили, найденное в доме на горе Чернявского

Тамбоваа лассы-лассы Роланд Аԥсны аӡбахә рзеиҭеиҳәарц иҳәон. Ҳреспубликазы иобиективу аинформациа шмаҷыз збаз Роланд, Аԥсны Амилаҭтә библиотека адиректор ицхраарала Аԥсны иазкыз аҭоурых литературеи асахьаркыратә литературеи рышәҟәқәа Томбовтәи абиблиотека "Газель" иазишьҭит.

Идыру абшьҭра

Шықәсык аԥхьа Тамбовтәи атәылаҿацәтә музеи адиректор Роланд Гамгьиа иеиҳәеит тамбовтәи анаплакыҩцәа, агәыҳалалрамҩаԥгаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа Асееваа рхаҭарнак Софиа Михаил-иԥҳа Кавказ, иҟалап Аԥсны акәзаргьы, дынхон ҳәа.

"Сара аԥшаарақәа нап рыласкит. Архив ала салагеит. Аха архив аиҳарак аибашьраан иблит. Абраҟагьы ацхыраара сиҭеит Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа. Иара исзиԥшааит 1970 шықәса рзы иҭыҵыз, Софиа Асеева дызныз агазеҭ", ҳәа еиҭеиҳәоит Роланд.

Маҷ-маҷ иара иԥшааит Софиа Асеева дыздыруаз, дахьынхоз лыҩны, лыуацәа, лҩызцәа.

Софиа Михаил-иԥҳа аус луан хәыҷтәы ҳақьымси Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника алабораториа аиҳабыси. Роланд длыҿцәажәеит аҳақьым Иннеса Михаилова. Урҭ рҩыџьагь еицны инеиит Екатерина Самарец лахь. Екатерина Самарец Софиа дхәыҷаахыс длааӡон. Абри аамҭазы Екатерина лыҷкәын Урыстәылантәи дааны Аԥсны дыҟан. Иара ҳаигеит Черниавски ишьхаҿ игыло, Софиа Михаил-иԥҳа дахьынхоз аҩнахьыы. Иара абри аҩнаҟны дынхон Аҟәа еицырдыруа аҳақьым Екатерина Шевалие.

"Иара убасгьы игәалаиршәеит 1980 шықәса рзы Софиа Михаил-иԥҳа длыцны абаҳчарахь дышныҟәалоз, уаҟа Николаи II ихаантәи амонетақәа ҵәахны ишлымаз. Урҭ лара лҩызцәа, лгәылацәа ишаны ишрылҭоз. Иара Николаигьы илҭаз амонетақәа ачара шрылаиуз", — иҳәоит Роланд.

© Фото : предоставлено Владимиром СередойСофья Михайловна Асеева в морском порту Сухума
Софья Михайловна Асеева в морском порту Сухума - Sputnik Аҧсны
Софья Михайловна Асеева в морском порту Сухума

Софиа Михаил-иԥҳа лышьҭра алацәажәара бзиа илбомызт. Бзиа илбомызт афотосахьа аҭыхрагьы. Иаанхеит фотоҭыхымҭа заҵәык – машәырны иҭыхыз.

Софиа Михаил-иԥҳа аҳәаанырцә инхоз лыуацәа дрымадан. Лыҩнаҟны Роланди ажурналистка Иулиа Соловиовеи Чилинтәи асаламшәҟәы рбеит. Убри ашәҟәы ахархәарала ирылшеит егьырҭ лыуацәагьы рыԥшаара.

Тамбов имҩаԥысуаз аконференциа "Асеевы и эпоха" аҿы ажәахә ҟазҵаз Роланд Гамгьиа ателецҳа мҩаԥигеит урҭи иареи рыбжьара.

© Фото : предоставлено Владимиром СередойУдостоверение о награждении Софьи Асеевой
Удостоверение о награждении Софьи Асеевой - Sputnik Аҧсны
Удостоверение о награждении Софьи Асеевой

Аԥсуа "пинкертон"

Шықәсык иназынаԥшуа Роланд аҭҵаарақәа мҩаԥигон.

Аконференциа "Асеевы и эпоха" аан тамбовтәи амузеи иеиҭеит Софиа Михаил-иԥҳа лдокументқәеи лхатәы маҭәақәеи.Иааидкыланы 54 експонат.

Асееваа рҭаацәара абиограф, ашәҟәыҩҩ Владимир Середа Роланд днеиԥхьеит Асееваа рыжәла ахьеизоз, Вена ақалақь аҟны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциахь.

© Фото : предоставлен Владимиром СередойБинокль Софьи Асеевой в Краеведческом музее в Тамбове
Бинокль Софьи Асеевой в Краеведческом музее в Тамбове - Sputnik Аҧсны
Бинокль Софьи Асеевой в Краеведческом музее в Тамбове

Уаанӡатәи адепутат, афинансист, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аветеран Роланд Гамгьиа иахьагьы имҩаԥигоит ижәытәу Аҟәа аҭоурых шьақәзыргыло аҭҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0