00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Аицәажәара
Ауниверситет аҿы ихацдыркуеит аҵарашықәс
13:04
3 мин
Аицәажәара
Еидҵоу акультурақәа рфорум алахәхара лшарас иаанартуа: Аԥсуа театр аиҳабы лцәажәара
13:08
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Академик Сергеи Бебиа иқәраныҳәоуп иахьа: аҵарауаҩ иҿцәажәара
13:45
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аспортсменцәа рзы есымзатәи аԥарашәарақәа: Аҳәынҭеилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:48
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Взаимный интерес
"Пространство дружбы: Сухум — Нижний Новгород". Как развиваются побратимские связи?
14:20
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
"Две свадьбы и один поег": история создания кино
14:44
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аицәажәара
On air
18:16
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

7:0 ҳәа Аҩадатәи Кипр ашьапылампыл асыҩцәа Рециаа ираԥыргеит

© Sputnik Саид БарганджияРециеи Аҩадатәи Кипри рецыхәмарра 7:0 ҳәа ихыркәшахеит.
Рециеи Аҩадатәи Кипри рецыхәмарра 7:0 ҳәа ихыркәшахеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рециеи Аҩадатәи Кипри рецыхәмарра 7:0 ҳәа ихыркәшахеит.

АҞӘА, лаҵара 31 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зху Гагратәи астадион аҟны, иахьа, лаҵара 31, 11 сааҭ рзы иалагеит Рециеи Аҩадатәи Кипри рецыхәмарра.

Аҩадатәи Кипр, ари ашьапылампылтә дәаҟны қәҿиарала ихәмархьан. Усҟан ирыцыз аманшәалара, иахьагьы рганаҿы иҟан. Аиԥылара актәи аихшараан дара ирылшеит Рециаа рымба хымпылк аҭаршәра.

Ахәмарра аҩбатәи аихшараан Аҩадатәи Кипр ашьапылампыл асцәа Рециаа рымба даҽа ԥшьымпылк ҭадыршәеит.

6:0 ҳәа Паданиаа Рециатәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
6:0 ҳәа Паданиаа Рециатәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

Абас ала, Аҩадатәи Кипр аспортсменцәа, 7:0 ҳәа иахьатәи ахәмарраҿы аиааира ргеит.

Апресс-конференциаҟны Рециатәи акоманда азыҟаҵаҩ Паскаль вон Уинчелреид иазгәеиҭеит, ирылшоз зегь шыҟарҵаз, аха Аҩадатәи Кипр аспортсменцәа еиҳа аԥышәеи азыҟаҵареи рыман.

"Ари ачемпионат аҟны ҳара уаҳа ҳахәмаруам, аха, ҳгәы каҳажьуам. Аспортсменцәа агәалаҟазаара бзиа рымоуп. Арҭ амшқәа рзы, егьырҭ акомандақәа рыхәмаррақәа ҳрыцклаԥшлоит", — иҳәеит Рециатәи азыҟаҵаҩ.

Аҩадатәи Кипраа ракәзар, рылҵшәақәа акырӡа иреигәырӷьоит. Агәыӷра рымоуп афинал ахь инеип ҳәа.

"Ҳара ҳкоманда алахәцәа аӡәырҩы Ҭырқәтәыла еицырдыруа ашьапылампылтә клубқәа рҟны ихәмаруеит. Убри аҟнытә аԥышәа бзиа ҳамоуп. Ҳгәыӷуеит, афинал аҟны Аԥснытәи еизгоу акомандеи ҳареи ҳнаӡаны ҳаицыхәмарып ҳәа", — иҳәеит Аҩадатәи Кипр акоманда акаԥдан Хасан Пиро.

Ашьапылампылтә хәмаррақәа ирыцклаԥшуа Гагратәи аспорт абзиабаҩцәа, еиҳа ргәы рзыҟоуп Паданиатәи акоманда. Даара илахҿыху, емоциала аԥсуаа иаҳзааигәоу Паданиатәи ашьапылампыл асыҩцәа, аҭыԥантәи аҿар ирзыршеит аспорттә шәҵатәқәа. Убас рыразрала, араҟа идырҳаит агәыблыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0