"Море в Гаграх" захьӡу аԥҟьаҭ асратә турнир мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа"Море в Гаграх" захьӡу аԥҟьаҭ асратә турнир мҩаԥысит Гагра
Море в Гаграх захьӡу аԥҟьаҭ асратә турнир мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Море в Гаграх" захьӡу есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥҟьаҭ асратә турнир мҩаԥысит Гагра.

АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аԥҟьаҭ асразы Афедерациеи рымчала, Гагратәи аԥҟьаҭ асратә дәаҟны имҩаԥган есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥҟьаҭ асразы атурнир. Уи иалахәын Краснодар атәылаҿацәи, Москвеи, Иарославли уҳәа рҟнытә, 7 шықәса зхыҵуа инадыркны 15 шықәса зхыҵуа рҟынӡа 50-ҩык ахәыҷқәа.

Ҳтәыла ахьӡала атурнир иалахәын 25-ҩык. Хәымш ирылагӡаны рықәратә гәыԥқәа рҟны алҵшәа бзиақәа аадырԥшит аԥсуа спортсменцәа хәыҷқәа.

"Аиашазы, иахьа ҳаареигәырӷьаратәы аԥҟьаҭ асраҿы ҳхәыҷқәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит. Сынтәазы "Море в Гаграх" аҳәаақәа ирҭагӡоу атурнир раԥхьатәиуп. Ҳаԥхьаҟа атурнирқәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымзеи нанҳәамзи рзгьы. Агәра згоит усҟангьы ҳхьыбҿар аԥхьахәтә ҭыԥқәа ишрыԥсахо", — иҳәеит атурнир аӡбаҩ хада Саид Бебиа.

Аспортсменцәа хәыҷқәа ракәзаргьы, рхарҿы рхаччо изыԥсахаз аҳамҭақәа ранашьара иазыԥшын.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт

"Сара сгәырӷьаҵәа сыҟоуп ари атурнир сахьалахәу. Иааныскылеит ахԥатәи аҭыԥ. Сгәы иаанагоит егьырҭ атурнирқәа рҟны алҵшәа еиӷьыстәып ҳәа. Уи азы исылшо зегь ҟасҵоит, еиԥмырҟьаӡакәа сҽазыҟасҵалоит. Аиааира згаз сҩызцәа зегьы ирыдысныҳәалоит", — иҳәеит Аҟәатәи аспортсмен Саиаҭ Муртазин.

Асасцәа хәыҷқәа ракәзаргьы, ари атурнир ргәалаҟазаара шьҭанахит, уи анаҩсгьы дара рзы иҿыцу атәыла иаҭааит, идырҳаит аҩызцәа ҿыцқәа.

"Сара Аԥсны имҩаԥысуа атурнир салахуижьҭеи хышықәса ҵуеит. Араҟа аҩызцәа рацәаҩны исымоуп. Иахьа саԥсахеит ахԥатәи аҭыԥ. Саԥхьаҟа ари аспорт хкы нсыжьуам, иҵегь иацысҵоит. Агәаҳәара сымоуп еицырдыруа аԥҟьаҭ асыҩс сҟаларц", — ҳәа азгәалҭеит Шәачатәи аԥҟьаҭ асыҩ қәыԥш Алина Кузнецова.

1-тәи аҭыԥ аанызкылаз Мальвина Титова, лҩызцәа ирзеиӷьалшьеит даргьы лара лылҵшәа аҩаӡаранӡа инаӡарц.

"Ари ақлақь аҟны сара раԥхьаӡакәны сыҟоуп. Идырым аԥҟьаҭ асратә дәы сшацәшәозгьы, исылшеит актәи аҭыԥ агара. Аԥҟьаҭ асра знапы алаку зегьы раԥхьаҟа ирзеиӷьасшьоит еицырдыруа спортсменцәаны иҟаларц", — ҳәа лҩызцәа ирыдылныҳәалеит Титова.

Атурнир алахәцәеи аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахази ирыдырныҳәаларц арахь иааит Аԥсны аԥҟьаҭ асразы Афедерациа ахада Ҭамаз Абӷаџьаа, Гагра араион анапхгара.

"Ари аԥҟьаҭ асратә турнир ахыԥхьаӡалоуп Урыстәылатәи аԥҟьаҭ асратә тур. Уаҟа иарбахоит аҭыԥантәи ахәыҷқәа иаадырԥшуа алҵшәақәа. Есышықәса атурнир еиднакылоит Аԥсни Урыстәылеи рҟнытә аспортсменцәа қәыԥшцәа. Абас еиԥш иҟоу аусеиҿкаарақәа ирыбзоураны, аԥҟьаҭ асра аҿар ирылаҵәоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аԥҟьаҭ асразы Афедерациа ахада.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба ахәыҷқәа рахь ихы нарханы иҳәеит акырӡа рылҵшәақәа дышреигәырӷьо.

Гагратәи агәыҳалалратә фонд Ахәыҷқәа рдунеи ахәыҷқәа ныҟәара иргеит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" ахәыҷқәа аныҟәара рзеиҿнакааит

"Шәара иахьа ҳшәылаҽхәаратәы шәхы аашәырԥшит. Ԥхьаҟа ари аспорт хкы аҟны иреиҳау аҩаӡарақәа шәышрыԥсахо агәра згоит. Аманшәалареи ақәҿиара дуқәеи анцәа ишәаҭәеишьааит", — ҳәа азеиӷьашьарақәа ҟаиҵеит араион Ахада.

Абар аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахаз, 7-8 шықәса зхыҵуа рыбжьара: 1-тәи аҭыԥ Адлертәи ахәмарыҩ Лиза Клочкова, а-2-тәи аҭыԥ Аҟәатәи аспортсмен Асҭамыр Кациа, а-3-тәи аҭыԥ Гагратәи аԥҟьаҭ асыҩ Софиа Ажьиба.

9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара: 1-тәи аҭыԥ Москватәи ахәмарыҩ Иван Мишакин, а-2-тәи аҭыԥ Адлертәи аспортсмен Савелии Петров, а-3-тәи аҭыԥ Аҟәатәи аԥҟьаҭ асыҩ Саиаҭ Муртазин.

9-10 шықәса зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара: 1-тәа аҭыԥ Аҟәатәи ахәмарыҩ Анна Татевосиан, а-2-тәи аҭыԥ Аҟәатәи ахәмарыҩ Евелина Табориан, а-3-тәи аҭыԥ Гагратәи аԥҟьаҭ асыҩ Лаура Ажьиба.

15 шықәса зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара: 1-тәи аҭыԥ Шәачатәи ахәмарыҩ Мальвина Титова, а-2-тәи аҭыԥ Аҟәатәи аԥҟьаҭ асыҩ Лаура Жьиба, а-3-тәи аҭыԥ Адлертәи ахәмарыҩ Алина Кузнецова.

15 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара: 1-тәи аҭыԥ Шәачатәи аспортсмен Никита Блинов, а-2-тәи аҭыԥ Адлертәи аԥҟьаҭ асыҩ Георгии Аракелиан, а-3-тәи аҭыԥ, ҩаԥхьа Адлертәи ахәмарыҩ Едуард Цатуриан.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАтурнир алахәылацәа Софиа Ажьиԥҳа, Лаура Жьиԥҳа, Алина Кузнецова, Лаура Ажьиԥҳа.
Атурнир алахәылацәа Софиа Ажьиԥҳа, Лаура Жьиԥҳа, Алина Кузнецова, Лаура Ажьиԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Атурнир алахәылацәа Софиа Ажьиԥҳа, Лаура Жьиԥҳа, Алина Кузнецова, Лаура Ажьиԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0