АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи астадион аҟны еиԥылеит Секеитәи атәылаҿацәи Рециеи ркомандақәа. Иазгәаҭатәуп, Рециатәи акоманда ҩынтә ари адәаҟны ишыхәмархьаз, аха мпылкгьы рызҭамыршәкәа иахьанӡа иааиуан.
Акоманда ахәмарыҩцәа агәыӷра рыман, аҭагылазаашьа шырыԥсахуа, аха ҩаԥхьа ирықәымҿиеит.
Еиҳа техникала иазыҟаҵаз Секеитәи атәылаҿацә ашьапылампыл асцәа 7:0 ҳәа Рециаа ириааит.
Гагратәи апресс-маҵзура, иахьа раԥхьаӡакәны исасцәаны иаҭааз Секеитәи атәылаҿацә ахәмарыҩцәа иазгәарҭеит, иманшәалаз аҭыԥантәи адәы ишалнаршаз дара рылҵшәа бзиа аарԥшра.
"Аҟәатәи астадион ҳашьцылахьан аҟнытә, идырымз адәы агәҭынчымра ҳазцәырнагон, аха ҳара иаабеит, Гагратәи астадион аҭахрақәа зегьы рыла ишеиқәыршәаз. Ҳгәы рҭынчны, аиԥылара алагаанӡа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагеит, анаҩс ишыжәбаз еиԥш аиааирагьы аагеит", — иҳәеит Секеитәи атәылаҿацә азыҟаҵаҩ Аттила Иакоб.
Секеитәи атәылаҿацә ахәмарыҩцәа афинал ахь изнеиуам, аха уаҟа ирбар рҭахуп Кәырдисҭантәии Аԥснытәии акомандақәа. Дара изларҳәаз ала, урҭ рахь ауп еиҳа агәыбылра ахьрымоу.
Рециатәи азыҟаҵаҩ Паскаль вон Уинчелреид иакәзар, уи ҷыдала Аԥснытәи акоманда дадгылоуп.
"Шәара, абас еиԥш аныҳәа ссир амҩаԥгара зылшаз, хымԥада шәаԥсоуп ачемпионхара", — ҳәа азгәеиҭеит азыҟаҵаҩ.