Гагреи Калугеи аимадара рыбжьарҵеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагреи Калугеи аимадара рыбжьарҵеит
Гагреи Калугеи аимадара рыбжьарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагреи Калугеи рнапхгаҩцәа аимадара рыбжьаҵаразы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Калугатәи ақалақьтә ахаланапхгараҭара аиҳабы Александр Иванов хадара ззиуаз аделегациа идикылеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба. Иахьа, рашәара 2 рзы аҩ-ганк рнапы аҵарҩит, аимадара рыбжьаҵаразы аԥкаанҵа.

Калугатәи аделегациа иалахәын ақалақьтә Дума адепутатцәа, амчратә органқәа рнапхгаҩцәа.

Аԥкаанҵа анапаҵаҩра, Гагратәи аган аҟнытә иалахәын араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба, араионтә Еизара адепутатцәа, ақалақь анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәа.

Аԥкаанҵа анапаҵаҩрахь ииасаанӡа, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба аделегациа алахәцәа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.

"Сара сзы игәахәара дупп, шәара Гагра шәыдкылара. Агәра згоит, лассы-лассы иҳабжьаҳҵо аимадара иабзоураны ҳшеиқәшәало. Ари аԥкаанҵа инақәыршәаны, Гагреи Калугеи ирыбжьалоит, реизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо аимадарақәа", — иҳәеит Заур Бганба.

Анаҩс, Гагра араион Ахадара аиҳабы асасцәа иаазыркьаҿны ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых, иара убас Гаграгьы налаҵаны.

Калугатәи ақалақьтә ахаланапхгараҭара аиҳабы Александр Иванов, аҭыԥантәи анапхгаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, гәаартыла иахьрыдыркылаз азы.

Калугатәи аделегациа иалахәыз ақалақьтә Дума адепутат Карп Диденко, аҩ-қалақьк рыбжьара аимадара рыбжьаҵаразы иааԥсара рацәоуп.

"Сара лассы-лассы Аԥсныҟа саауеит. Еснагьгьы гәазыҳәарас исыман, ҳақалақьқәа аиҩызара рыбжьаларц. Иахьа, ус иагьыҟалеит. Агәра згоит, Гагреи Калугеи реиҩызара ԥзырго амзызқәа шыҟамло", — ҳәа азгәеиҭеит адепутат.

Иҳәатәуп, Калугатәи аделегациа Аԥсныҟа иаанӡа, дара рҟны усутә визитла дшыҟаз, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемраз Хышба. Усҟан, аҩ-ганк рыбжьара аилацәажәара мҩаԥыргеит, уи иагьалнаршеит, иахьа аԥкаанҵагьы анапаҵаҩра.

Гагреи Калугеи рнапы зҵарҩыз аԥкаанҵа иазԥхьагәанаҭоит, ақалақьқәа рхадацәеи анаплакқәеи аусбарҭақәеи аимадара рыбжьаҵара, аинформациа амадара, акультуреи аҵареи агәабзиарахьчареи атуризми аспорти рзы аусеицура, иара убас асоциалтә еиқәыршәареи аԥсабара ахьчареи акоммуналтәии анхарҭатәии усбарҭақәеи азинхьчаратә органқәеи аимадара рыбжьаҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0