АҞӘА, рашәарамза 3 – Sputnik, Саид Барганџьиа. 431-ҩык аушьҭымҭацәа рзы Аҟәатәи ашколқәа рҟны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла аушьҭымҭацәа сынтәатәи рдыррақәа еиҳа еиӷьуп ҵыԥх аасҭа.
Лара иара убасгьы иазгәалҭеит ҵыԥхтәи аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы аԥышәарақәа раан апроблема уадаҩқәа шыҟаз.
"Сынтәа аԥшьбатәи акласс инаркны аԥышәарақәа алаагалоит. Агәыӷра сымоуп уи ахатәы бызшәа адырраҟны ихәарҭара духап ҳәа", азгәалҭеит Адлеиаԥҳа.
Амш афырхацәа – аушьҭымҭацәа ракәзар рцәаныррақәа рзыҵәахуамызт.
"Ҳагьгәырӷьоит, ҳалахьгьы еиқәуп. Ахааназ ҳашкол ҳгәалашәараҿ иҟазаауеит", — иҳәеит аушьҭымҭацәа руаӡәк.
Абжьаратә школ далгеит Аслан Дарчам.
"Ҳаԥхьаҟа аԥышәарақәа рацәаны иаҳзыԥшуп. Ҳалахь еиқәуп ҳахьеиԥырҵуа аха есышықәса ҳаиқәшәаларц еибаҳҳәеит", — иҳәоит Дарчам.
Ареспублика ашколқәа зегьы рҟны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аушьҭымҭацәа рзы.
Мҩамш иқәлоит шәҩыла Аԥсны ахьыбҿар.