4:2 ҳәа Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа ириааит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа4:2 ҳәа Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа ириааит
4:2 ҳәа Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа ириааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
4:2 ҳәа жәеизаметратәи ампыл аҭаршәрала Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа ираԥыргеит.

АҞӘА, рашәарамза 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. ConIFA ахылаԥшрала Аԥсны имҩаԥысуа адунеитә ашьапылампылтә чемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа, рашәара 4, 11 сааҭ рзы Аԥсны Афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зхыу Гагратәи астадион аҟны, еиԥылеит Иапониатәи кореааи Ирактәи Курдисҭани ркомандақәа.

Ахәмарра актәи аихшара хырқәшан еиҭахарала, 0:0 ҳәа.

4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

Аиԥылара аҩбатәи аихшараан, аҩ-командак рҽазԥыршәеит ажәыларақәа рымҩаԥгара, ус иагьрылшеит мпылк-мпылк аҭаршәра.

Абас, ҩаԥхьа еиҭахарала, 1:1 ҳәа ахәмарра аамҭа хада хырқәшан.

Анаҩс ирылаҳәаз жәеизаметратәи ампыл аҭаршәраҿы Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа рымба ԥшьымпылк ҭадыршәеит, егьырҭ ирылшаз ҩпылк роуп. Убри алагьы, Конифа ахылаԥшрала имҩаԥысуа адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны, Иапониатәи кореаа иаԥсахеит абыжьбатәи аҭып, Ирактәи Курдисҭанаа, аабатәи аҭыԥ ахь инаскьеит.

Апресс-конференциаҟны, Ирактәи Курдисҭан акаԥдан Сарханг Мухсин иҳәеит афинал бжахь анеира ахьрылымшаз аҟнытә, ари ахәмарра хырҩаа шарымҭаз.

"Ҳара ачемпионат алахәразы Аԥсныҟа ҳанаауаз, хықәкыс иҳаман афинал ахь анеира. Аха аҭагылазаашьа иалнамыршеит, афинал абжахь анеирагьы. Убри аҟнытә, акоманда ахәмарыҩцәа даара ргәы каҳаит. Иахьатәи ахәмарраҿгьы, ҳара ҳзы зегь акакәын абыжьбатәи акәу аабатәи акәу ҭыԥс ҳзыԥсахоз", — ҳәа азгәеиҭеит Мухсин.

Иааидкыланы, Ирактәи Курдисҭанаа ршьапылампыл асцәа, Аԥсны рыҟазаара агәахәара рнаҭеит. Араҟа дара рганахь иаарԥшыз агәцаракра, ахә ҳаракны иршьеит.

Апресс-конференциа иалахәыз Иапониатәи кореаа ркоманда ахәмарыҩ, уажәшьҭа зегьы еицырдыруа Шьоҭа Аиба, игәалаҟазаара бзиан. Иҩызцәа рыхьӡала, ачемпионат аиҿкааҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иара убас, аспортсмен иазгәеиҭеит, уамашәа ишибаз, иара ихьӡи ижәлеи Аԥсны аларҵәара ахьамоу.

«Аԥсныҟа саанӡа, аӡәы исеиҳәар, араҟа сыхьӡи сыжәлеи лассы-лассы ишуԥыло, ихасымҵаргьы ҟаларын. Аха схаҭа агәра згеит, ус ишыҟоу. Аԥсны сыҟанаҵ срабадырит сыжәлантәқәа гәыԥҩык» — иҳәеит Иапониатәи кореаа рыхәмарыҩ Шьоҭа Аиба.

Иара ижәла иапониатәиу кореиатәиу ҳәа ажурналистцәа анизҵаа, даахәыцын, "сымаӡа аасыртуеит, сара саԥсыуоуп" — иҳәеит "аԥсуа кореец" Шьоҭа Аиба.

Гагратәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа, асасцәа гәаартыла ирзыҟоуп. Арҭ амшқәа рзы, бзиа ирбаз акомандақәа рыхәмаррақәа ирыцклаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0