4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит
4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
4:3 ҳәа Рециатәи ашьапылампыл асцәа, Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит ажәеизаметратәи ампыл аҭаршәрала.

АҞӘА, рашәарамза 3 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зху Гагратәи астадион аҟны, лаҵарамза 3, 11 сааҭ рзы еиԥылеит Рециеи Чагоси ркомандақәа.

Ахәмарра актәи аихшараан еиҳа ажәыларақәа рымҩаԥгараҿы ирықәҿиуан Чагостәи ашьапылампыл асцәа. 45 минуҭ ирылагӡаны, дара ирылдыршеит Рециаа рымба ҩмпылк аҭаршәра. Аха Рециатәи ахәмарыҩцәа, актәи аихшара хдырқәшеит мпылк аҭаршәрала.

Секеитәи атәылаҿацәи Рециеи рыхәмарра. - Sputnik Аҧсны
7:0 ҳәа Секеитәи атәылаҿацә Рециаа ириааит

Ахәмарра аҩбатәи аихшараан, Рециатәи ашьапылампыл асцәа еиҳа рҽеидыркылеит, ирылшеит Чагосаа рымба ҩпылк аҭаршәра. Ус 3:2 ҳәа Рециаа аԥыжәара шрымаз, ҩаԥхьа Чагостәи ахәмарыҩцәа ажәыларахь еихан,аԥхьаӡара еиҟарартәеит.

3:3 ҳәагьы аиԥылара аамҭа хада хырқәшахеит.

Анаҩс, аиааира зго акоманда алкааразы иазԥхьагәаҭан ажәеизаметрала ампыл аҭаршәра. Абраҟа 4:3 ҳәа Рециатәи ашьапылампыл асцәа аԥыжәара ргеит.

Апресс-конференциаҟны, Рециатәи ахәмарыҩцәа ирҳәеит иахьатәи аиԥылараҿы ирылшаз зегь шыҟарҵаз абри алҵшәа аарԥшразы.

Дара разыҟаҵаҩ Паскаль вон Уинчелреид, иазгәеиҭеит, егьырҭ ахәмаррақәа рҟны, абас еиԥш ирықәҿиуазҭгьы, иҟаларын афинал ахь инеиргьы.

3:2 ҳәа Сомалилендаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит. - Sputnik Аҧсны
3:2 ҳәа Сомалилендаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

Аха уеизгьы ргәы карыжьуам, иахьа мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит риааира.

Чагостәи акоманда аԥҵаҩы Мари Сабрина Жан илҳәеит, ркоманда ахәмаррақәа зегьы рҟны ишаҵахаз, аха ачемпионат иабзоураны ироуит аԥышәа бзиа.

"Агәыӷра ҳамоуп ҳара ҳҟынгьы, ConIFA ишеиҿнакаауа адунеитә ашьапылампылтә чемпионат. Убасҟан ишԥаҳақәымҿиари", — ҳәа дахлафаауа иазгәалҭеит Мари Сабрина Жан.

Чагосаа ахәмаррақәа уаҳа ирылахәхом, убри аҟнытә ирзынхаз ҩымш ирылагӡаны гәахәарыла Гагра рыԥсшьарамшқәа рхыргарц ргәиҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0