3:0 ҳәа Лапландиаа Мраҭашәаратәи Ермантәылаа ираԥыргеит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа3:0 ҳәа Лапландиаа Мраҭашәаратәи Ермантәылаа ираԥыргеит
3:0 ҳәа Лапландиаа Мраҭашәаратәи Ермантәылаа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
3:0 ҳәа Лапландиатәи ашьапылампыл асцәа Мраҭашәаратәи Ермантәыла ахәмарыҩцәа ириааит.

АҞӘА, рашәарамза 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Иахьа, лаҵара 4, 15 сааҭ рзы, Гагратәи астадион аҟны еиԥылеит Мраҭашәаратәи Ермантәылеи Лапландиеи ркомандақәа.

Аиԥылара актәи аихшараҿы иазгәаҭан, Мраҭашәаратәи Ермантәыла ашьапылампыл асцәа, гәацԥыҳәарала ахәмарра ишаламгаз. Убри аҟнытә, еиҳа аԥыжәара зауз Лапландиатәи аспортсменцәа ирылшеит апмыл амба аҭаршәра. Ус 1:0 ҳәа ихырқәшахеит, актәи аихшара.

4:2 ҳәа Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа ириааит - Sputnik Аҧсны
4:2 ҳәа Иапониатәи кореаа Ирактәи Курдисҭанаа ириааит

Ахәмарра аҩбатәи аихшараангьы, Лапландиатәи ашьапылампыл асцәа ажәыларақәа мҩаԥыргон, уи иабзоураны, 45 минуҭ ирылагӡаны, Мраҭашәаратәи Ермантәылаа рымба даҽа ҩмпылк ҭадыршәеит.

Абас 3:0 ҳәа Лапландиаа иаадырԥшыз алҵшәала, адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны ахәбатәи аҭыԥ ааныркылеит, Мраҭашәаратәи Ермантәылаа ракәзар, афбатәи аҭыԥ ахь ихалеит.

Апресс-конференциаҟны, Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда азыҟаҵаҩ Ваге Иагмулиан иҳәеит, афинахь ахь анеира ишақәгәыӷуаз, аха афинал абжьахьгьы ианзымнеи, ргәы каҳаит, насгьы рыспортсменцәа аӡәырҩы, ахәмаррақәа ирылагӡаны аахақәа роуит.

"Аиашазы ҳшьапылампыл асцәа ргәы каҳаны иҟоуп, аха ари хәмарроуп, ҩаԥхьа аиааирақәа шаҳзыԥшу ҳдыруеит. Уажәазы, агәыблыҩцәа раҳасаб ала, афиналтә хәмарра ҳазыԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит Иагмулиан.

Иреиӷьыу ахәбарак иақәшәаз Лапландиатәи акоманда, риааира еигәырӷьоит, аха хымԥада даргьы афинал ахь анеира иақәгәыӷуан.

"Егьырҭ акомандақәа реиԥш, ҳаргьы иаҳҭахын, афинал ахь анеира, аха аспорт аҿы ишыжәдыруа еиԥш зны иуқәҿиуеит, даҽа зных уаҵахоит. Аха ҳара ахәбатәи аҭыԥгьы ҳаҭәаҳшьоит", — иҳәеит Лапландиатәи акоманда акаԥдан Гилио Онасканд.

Лапландиатәи аспортсменцәа ирҳәеит, Аԥснытәи Еизгоу акомандазы ргәы шбылуа.

Апресс-конференциа аусура ахырқәшамҭаз, ашьапылампыл асцәа, ҩаԥхьа иҭабуп ҳәа рарҳәеит, абас еиԥш еиҿкаарала ачемпионат амҩаԥгара зылшаз зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0