АҞӘА, рашәарамза 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ConIFA ачемпионат афиналбжаҟны Паданиеи Пенджаби ркомандақәа еицыхәмаруан. Ахәмарра мҩаԥысуан асабша, Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны. Пенджаб еизго акоманда Паданиатәи акоманда иаиааиит 1:0 ҳәа.
Паданиатәи акоманда афиналбжахь инеиит Ирактәи Курдисҭани иареи реицыхәмарраан аиааира ганы.
Пенджаб акәзар, Мраҭашәаратәи Ермантәыла иаиааины.
Аԥхьатәи ахәминуҭк акомандақәа ԥибашәон.
15-тәи аминуҭ азы Паданиатәи ашьапылампыласыцәа аинциатива рнапахьы иааргеит, аха нас Пенджабаа рыхәмарра еиҭакны адәагәҭахь инеиит. Урҭ еиҳа рнапаҟны ампыл ркын.
22-тәи аминуҭ азы Пенджабаа идыршәыз ампыл аштанга иаахеит.
Актәи атаим азы ахәмарра ахырхарҭа зыԥсахша ҭагылазаашьа ыҟамкәа имҩасит.
Аҩбатәи атаим Паданиаа аԥыжәара рыманы иалагеит, аха усҟангьы ампыл амба иҭамшәакәа иаҩсит.
58-тәи аминуҭ азы Паданиаа рымбахьчаҩ илиршеит икоманда аиқәырхара.
Ашьапылампыласыҩцәа аҩ-командак рҟынтәи еибакапануа иҟоуп ҳәа рзуҳәартә ихәмаруан 76-тәи аминуҭ аҟынӡа. Убасҟан ауп Пенджабтәи ахәмарыҩ Гурсит Сингх ампыл амба аҭаршәра анилшаз. Ахәмарра 1:0 ҳәа ишьақәгылеит.
Иаҵахаз акоманда азыҟаҵаҩ Артуро Мерло иазгәеиҭеит икоманда аҵахара шҵаҵӷәыдам.
"Сара Пенджабтәи акоманда афинал ахь анеира рыдысныҳәалоит. Иахьа дара еиҳа еиӷьын. Ҳара иаҳԥырхагахеит аҵыхәтәантәи ҳахәмарра ашьҭахь ҳахьышьақәымгылаз", — иҳәеит Мерло.
Паданиатәи акоманда 2015 шықәсазтәи Европа ачемпионцәа роуп.
Паданиааа Италиа аҩадатәи аобластқәа иахьрыҵаркуоуп иахьыҟоу.
1990-тәи ашықәсқәа раахыс ахьыԥшымраз иқәԥоит.
Пенджаб — Индиа аҩада-мраҭашәаратәи аштат ауп, аӡиас Сатледж абассеин иаҵакыроуп.