Ҳалдун Леиба: сыхшаара рыԥсадгьылаҿ инхоит, рхатәы бызшәа рҳәоит

© Sputnik / Илона ХварцкияНаунагӡа нхара ҳәа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳалдун Леиба.
Наунагӡа нхара ҳәа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳалдун Леиба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы иԥсадгьыл ихьчоит ҳәа Иорданиантә иааз ҳџьынџьуаҩ, анаҩс араҟа аҭаацәара аԥызҵаз, наунагӡа нхара ҳәа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳалдун Леиба иҭоурых атәы дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Лаӷырӡыла рыԥсадгьыл ркәабон

Аԥсуа ҭоурых ахааназ ианымҵуа ашәахсҭа аннаҵеит амҳаџьырра. Аԥсны имҩаԥысыз амҳаџьырра ацәқәырԥақәа иԥсаҟьаны адунеи иаланаԥсеит ҳџьынџьуаа рацәаҩны. Иорданиа атәылаҿы, Амман ақалақь аҟны инхоит аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа Гьечаа, Ачаа, Чычаа, Ешбақәа, Ажьиаа, Леиаа, Манаа зыжәлоу аԥсуаа. Ҳалдун Леиба иабду иаб иҭаацәара амҳаџьырра иахнагеит 1810 шықәсазы, раԥхьа инанагеит Ҭырқәтәыла Самсун ақалақь ахь.

"Ҳара Аԥсны ҳшатәыз ҳдыруан еснагь, амҳаџьырра ҳашхнагаз ҳаиҳабацәа еиҭарҳәон. Аҩнаҭаҟны акы анҳамаз аиҳабцәа рымаҵ ҳуан, ҳархагьежьуан еснагь ҳазҿлымҳан еиҭырҳәоз аҭоурых. Аԥсни апсуааи рыӡбахә ҳәаны имҵәыуакәа иҟамлацызт",- иҳәоит Ҳалдун Леиба.

Иара иажәақәа рыла, Леиаа Ҭырқәтәыла иннанага иззыԥшӡамызт ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Османтәи аимпериа рыбӷа иқәырҵеит ирзышьҭамхуаз аусқәа, насгьы ирышьҭуан ачымазара баапсы ахьыҟаз аҭыԥқәа рахь.

"Ҭырқәтәылаҟа иагаз Леиаа Иорданиа рнеира шыҟалаз аҭоурых ду амоуп. Сабду излеиҭеиҳәоз ала, иҟан сабду иаб иашьцәа иареи ԥшь-ҩык. Аҳцәа ирыҭаз адҵа анагӡара ишаҿыз, дара гәамҵны реиҳабы дыршьит. Ауаҩшьразыҳәан акыр аамҭа ирышьҭан усҟантәи амчрақәа, аешьцәа ана-ара рхы ацәырго Иорданианӡа инаӡеит, Амман ақалақь аҟны итәеит. Аха араҟагьы абидуинцәеи арабтәыла иамаз ауадаҩрақәеи ҭаха рырҭомызт. Знык-ҩынтә зыԥсадгьыл аҟнытә ихҵәаны ицаз сеиҳабацәа, ҭынч атәым жәҩан аҵаҟа инхарцы азы акыр рхыргеит", – ҳәа иигәалаиршәоит Ҳалдун Леиба иҭаацәара рҭоурых.

Ажәабжьҳәаҩ Кәаӡба Аҳмеҭ: Қәычықә иакәын зкәадыр алым ацәала ихҟьаз - Sputnik Аҧсны
Ажәабжьҳәаҩ Кәаӡба Аҳмеҭ: Қәычықә имацара иакәын зкәадыр алым ацәала ихҟьаз

Акыр шықәса инеиԥынкыланы ҳџьынџьуаа Иорданиа рынхара ауадаҩра рзацын. Иорданиа атәылаҿацә аиҳабыреи ҳџьынџьуааи рзы еибарххаран. Аҵыхәтәантәи 50,60 шықәса амчрақәеи дареи ҭынч еицынхоит, ҳаҭырла еизыҟоуп. Иорданиа аԥсуаа ишрылшоз ала рбызшәеи, рҵасқәеи еиқәдырхон.

Ҳалдун Леиба иҳәоит, аԥсуаа дара дара еибагаӡомызт, абызшәа аиқәырхаразы Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәеи дареи рыԥсҭазаара еиларҵон.

"Сҭаацәа Иорданиа ианықәнагала шықәсыки бжаки рнаҩсан сабду диит. Иара ихәыҷаахыс иаҳауан ихатәы бызшәа, аха иҭәымҭа данҭагыла аԥсуа ҭыԥҳа лгара иахәҭамызт аҟнытә, дара аешьцәеи аеҳәшәцәеи реиԥш еибабон, дааигеит аҟабарда ҭыԥха. Убри аҟнытә сара ибзиаӡаны издыруеит аҟабарда бызшәа. Сандуи сабдуи роуп сзааӡаз сара. Сабду абџьар ахархәашьа сирҵон, санду лакәзар ҳатрадициақәеи ҳҵасқәеи сылалааӡон. Еснагь сгәы азыбылуан сыԥсадгьыл, арахь аара акәын исҭахыз ", — ҳәа иҳәеит иара.

Ҳалдун Леиба иԥсадгьыл ахь даарцаз акырӡа иҽазишәон, иани иаби уи аҿы ивагылан. Иԥхыӡ иалан Аԥсны аԥшӡара, амшынаԥшаҳәа. Насгьы иабду изеиҭеиҳәон, Ҭырқәтәылаҟа ианахыргоз Кьалашәыр аԥшахәаҟнытә ауп ҳәа ишыргаз.

Раԥхьатәи ашьаҿақәа аԥсадгьыл ахь

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагаанӡа Ҳалдун Леиба иаби иареи раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит.

"Сара аибашьра алагаанӡа Апсныҟа сааит. Сыԥсадгьыл аҭоурыхи аԥшӡареи сыртәыртәит наунагӡа. Исымаз ацәаныррақәа еиҭаҳәашьа рымам. Саби сареи ҳаицын усҟан, ашколқәа рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥыргеит ахәыҷқәа, ҳажәлантқәа ҳбеит, ҳқыҭа Мгәыӡырхәа ҳаҭааит. Сылаӷырӡқәа аанкылашьа амамызт ", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳалдун Леиба.

Аԥсныҟа раара аби аԥеи рзы ҭоурыхтә ҳҭысын, аха Ҳалдун абызшәа ахьизымдыруаз иахҟьаны ара анхара ицәыуадаҩхеит. Убри аҟнытә иан лашьцәа рахь Нальчикҟа дцеит иаб ара дааныжьны.

"Абызшәа азымдырра акырӡа исԥырхаган, аԥсшәа сара исыздырӡомызт, англызи араб бызшәеи ара аӡәгьы издыруамыз, ҳаилибакаара ауадаҩрақәа ацын. Акырӡа ихьаазгон ас иахьыҟалаз, ԥытрак ашьҭахь Нальчикҟа сцеит", — иҳәоит иара.

Ҳалдун Леиба абызшәа аҵара акыр иҽазишәон, избан акәзар Аԥсныҟа ҳәа нхара даарц игәы иҭан. "Ложись" закәыз сзеилкаауамызт Ҳалдун Леиба иажәақәа рыла, Аԥсны даныҟаз ибон шаҟа иуадаҩыз аԥсуааи ақырҭцәеи реизыҟазаашьа, еиҿагыларак шыҟало аҟара убартәы иҟан.

"Аҳауа иалан аибашьра афҩы уи сара иаразнак игәасҭеит. Избанзар аԥсуаа аԥсышәала ицәажәар ақырҭцәа ируӡомызт, изныкымкәа-иҩынтәымкәа аибырххарақәа збахьан, срықәшәахьан. Усҟан сара исыӡбеит сыжәлар ацхыраара рҭаххозар срывагылоит хәа", —  иҳәоит Леиба.

Ҳалдун Леиба Нальчик дшыҟаз ауп Аԥсны аибашьра алагеит ҳәа ишиаҳаз. Иџьеишьеит иара Нхыҵ Кавказ ажәларқәа аԥсуаа иахьрывагылаз.

"Атеатр аҟны сыштәаз ауп Аԥсны аибашьра алагеит ҳәа сшаҳаз. Ҳалдун деилагама ҳәа исыхәаԥшуан "Аԥсны аиааира" ҳәа сыбжьы сырго саналага. Сулҭан Сосналиев зхатә гәаԥхарала еибашьра ҳәа иаауаз анеидикылоз урҭ раԥхьа сгылан. Аибашьра аҩбатәи амш азы Аԥсны сыҟан ", — ҳәа игәалаиршәоит иара.

Нхыҵ Кавказынтә зхатә гәаԥхарала еибашьра ҳәа иаауаз Цандрыԥшь ишааиуаз ақырҭцәа иааныркылеит, аха ҳтәылауаҩшәҟәқәа андҳарба ҳаурыжьит.

"Усҟан ҳаанызкылаз ирдыруазар Сулҭан Сосналиев аибашьраҿы командаҟаҵаҩыс дшыҟалоз ҳазқәдыршәарыз здыруада", — ҳәа иахьа лафшақә иҳәоит иара.

Раԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥсадгьыл ахьчараз игылаз Ҳалдун Леиба ажәыларақәа зегьы дрылахәын.

Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Еснагь иԥсҿыхган: аԥсуаа рҟны ашәа ацәырҵшьеи аҵаки

"Аԥсадгьыл ахьчара аҭахуп, ахы иақәиҭхароуп сыԥсадгьыл Аԥсны, абри акәын схы иҭаз. "Ложись" ҳәа анырҳәоз изакәыз сзеилкаауамызт, скәаҩӡа сгылан, нас исыханы скарыжьуан аибашьцәа. Абызшәа апроблема аибашьра адәыҟнгьы исыман. Саб аибашьра раԥхьатәи амзқәа Аҟәа далаханы дыҟан, знык далганы Иорданиаҟа дсышьҭындаз ҳәа сыҟан, уигьы насыгӡеит. Аҟәантә далганы Ҭырқәтәылаҟа дсышьҭит", — ҳәа иҳәоит иара.

Ҳалдун Леиба аиааира даԥылеит Аҟәа, анаҩс Ингәырнӡа днаӡеит. Аибашьра аҟны иааирԥшыз афырхаҵаразы ианашьоуп Леон иорден.

Аԥсныҟа, Аԥсныҟа…

Аибашьра ашьҭахь Ҳалдун Леиба Аԥсны анхара ҳәа даангылеит, Чочуа ихьӡ зху амҩа ала аҩны ааихәеит, аҭаацәара далалеит, иԥсҭазаара ицеиҩылшеит Инга Ҭарԥҳа. Шықәсқәак рнаҩсан дара Иорданиаҟа ҳәа аамҭала нхара ицеит.

"Аибашьра ашьҭахь аԥсҭазаара уадаҩын, ахныҟәгара цәгьахеит, сҭаацәараҟны ахшара ҟалеит. Сыԥҳа Жанна илхыҵуан 1,7 шықәсқәак нхара ҳәа Иорданиаҟа ҳцап, ҳаҩны ҳадәны злаҟаҳҵаша ԥарак рҳаны ҳхынҳәып ҳәа анаҳаӡба. Уаҟа аҵара исымоу ала аусурҭа бзиа сыԥшааит, сыԥшәма лакәзар араб бызшәа лҵеит, аусурагьы далагеит. Уаҟа диит аҩбатәи ҳаԥха Дана", — ҳәа ациҵеит иара.

Шықәсқәак рнаҩсан Аԥсныҟа ихынҳәуеит ҳәа Иорданиаҟа  ицаз, 12 шықәса иаанхеит уаҟа.

"12 шықәса уахгьы ҽынгьы Аԥсныҟа, Аԥсныҟа акәын исҳәоз. Игәхьаазгон сыԥсадгьыл, ихьаазгон сахзыхнымҳәаз. Аус ахьызуаз соурышьҭомызт. Ҩышықәса аанхоны еиԥш сыԥшәмеи ахәыҷқәеи арахь иаасышьҭит. Абызшәа дырҵаразы иаразнак аԥсуа школ иаҳҭеит, сыԥшәма усҟан Аԥсны анапхгаҩы, зыԥсаҭа шкәакәахаша Сергеи Багаԥшь ибзоурала арепатриацаҟны аусура далагеит. Нас саргьы сааит арахь, сыҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа зеиԥшраз аҳәара сцәыуадаҩуп ", — ихәоит Ҳалдун Леиба.

© из личного архива семьи ЛейбаХалдун Лейба (в черном берете)
Халдун Лейба (в черном берете) - Sputnik Аҧсны
Халдун Лейба (в черном берете)

Иахьа Ҳалдун Леиба ҭынч иԥсадгьыл аҟны дынхоит, ирызҳауеит ихшаара. Иԥҳа аихабы Жанна Иорданиа инхо аԥсуаа аԥсшәа дырҵара лнапы алакуп, лара илыбзоураны аԥсшәа ӡҳәо рхыԥҳьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Дана лакәзар, асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҵара лҵоит. Суалԥшьа насыгӡеит иҳәоит иара, сыхшаара рыԥсадгьыл аҟны инхоит, рхатәы бызшәала ицәажәоит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0