АҞӘА, рашәарамза 7 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысцәа сынтәа раԥхьаӡа акәны ашьхатә полигон Ҵабали аполигон Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Урыстәыла аладатәи арратә Округ арратә база аҿы изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтранспортиорқәеи, КамАЗ, "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡмашьынақәеи ахархәара рыҭоуп. Абри атәы ҳзаанацҳаит Аокруг апресс-маҵзура.
Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 800-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 рҟынӡа атехника.
Аррамаҵзурауаа ирҵоит адәтәы лагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа, атактикатәи анџьныртәи ҽазыҟаҵара.