АҞӘА, рашәарамза 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи акоманда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко акоманда аиқәырхаҩ иакәны дыҟоуп иҳәеит, апресс-конференциаан Аԥсны ашьапылампыл азыҟаҵаҩ Џьума Кәарцхьиа.
"Зегьы ргәы иаанагон Алексеи Бондаренко џьарантә даазгазшәа, аӡәгьы издырамызт иара дыш-Гагратәиз, уатәи аклуб аҟны дшыхәмаруаз. Иара ахәыҷтәы гәыԥқәа ҩба азыҟаиҵоит. Иҟазара акырӡа иҳаракуп, дуаҩԥсы хазыноуп, иԥсадгьыл дапатриотуп", — иҳәеит иара.
Азыҟаҵаҩ хада иазгәеиҭеит Аԥсны иагаз аиааира акомандатә еилазаара зегьы ишрыбзуроу.
Аԥсны акоманда агәыԥ "А" иалан. Аԥхьатәи рыхәмарраан 9:0 ҳәа Чагостәи акоманда иаиааиит.
Рфиналтә хәмарраан Пенџьабтәи акоманда иаиааины атурнир иачемпионцәахеит.