Ажурналисттә десант. Ирыҩуазеи аҳәаанырцә Аԥсны иазкны

© скриншотИрыҩуазеи аҳәаанырцә Аԥсны иазкны.
Ирыҩуазеи аҳәаанырцә Аԥсны иазкны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Би-би-си, Аль-Джазира, Financial times, The Guardian уҳәа егьырҭ АИХ-қәагьы Адунеи ачемпионат ConIFA 2016 аҟны ирбаз ираҳаз атәы ррепортажқәа рҟны шәаԥхьар шәылшоит.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

ConIFA аверсиала Адунеи ачемпионат ахь иааит аҳәаанырцәтәи аспортсменцәа рыдагьы ажурналистцәа. Аԥсны иаҭааны иҟан Би-би-си, Аль-Джазира, Financial times уҳәа русзуҩцәа.

Жәларбжьаратәи ателерадиоеилахәыра Аль-Джазира арепортаж аҟны иазгәаҭан ачемпионат CONIFA алахәылацәа рзы аҵак ду аманы ишыҟаз. Автор иҩуеит Аԥсны ахьыԥшымра шазхарҵаз Урыстәыла, Никарагуа, Венесуела, Науру. Аха иара убри аамҭазы адунеитә еилазааразы Аԥсны иахьагьы Қырҭтәыла иахәҭакны ишыҟоу азгәарҭоит. Қырҭтәылатәи амчрақәа ачемпионат алегал ҟазшьа амамызт, избанзар дара уи азин ҟарымҵеит азы ҳәа ишырыԥхьаӡо иҳәоит автор.

ConIFA ачемпионат аҿы Аԥснытәи акоманда аиааира агеит - Sputnik Аҧсны
ConIFA ачемпионат аҿы Аԥснытәи акоманда аиааира агеит

Астатиаҟны иаагоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Кан Ҭаниа иажәақәа: "Ҳара азин ҳамоуп ҳадгьыл анапхгараҭара. Ҳара уи шьала иааҳхәеит. Ари ахҭыс – адунеи ҳадызҳәало хҭысны ҳахәаԥшуеит. Ҳара абриала адунеи иаҳарбоит Қырҭтәыла адунеиеилазаара ҳалнагарц иамоу агәҭакы шазынамыгӡо".

Британиатәи акорпорациа Би-би-си иаҳәоит Аԥсны уаанӡа Қырҭтәылатәи ССР ишахәҭакыз, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраан аиааира шагаз.

Араҟагьы иазгәаҭоуп Аԥсны иахьагьы адунеитә уаажәларра реиҳараҩык рзы Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа ишыԥхьаӡо.

"Қырҭтәыла иахәҭакыз егьи арегион – Аахыҵ Уаԥстәыла, ареферендум мҩаԥганы Урыстәыла иадларц зҭаху еиԥ акәымкәа, Аԥсны хазы анхара гәҭакны иамоуп", ҳәа аҩуеит Би-би-си.

Жәларбжьаратәи аҭахкаареи Қарҭаа уи аганахьала рҽышәарақәеи Аԥсны адәныҟатә дунеи иацәхьанакуеит ҳәа иҩуеит астатиа автор.

Британиатәи аҭыжьымҭа The Guardian аполитика-зинтә статус ала Сомалиленд, Курдистан, Аҩадатәи Кипр ирыднакылоит, сепаратисттә ҵакырадгьылқәоуп ҳәагьы аҳәоит. Иара убасгьы иазгәаҭоуп Аԥсны Урыстәыла, Венесуела, Никарагуа, Науру ишазхарҵаз. The GuardianАԥсны аҳҭнықалақь ахьӡ анарбоит – Сухум/и ҳәа.

Британиатәи ажурнал Newstatesman аҟны ирыҩуан ашьапылампылл хьӡы азы еиндаҭлоит аетникатә гәыԥқәеи, адиаспорақәеи, аимак змоу аҵакырадгьылқәеи ҳәа.

Америкатәи ажурнал Time иазгәанаҭоит Аԥсны адунеитә уаажәларра реиҳараҩык Қырҭтәыла иахәҭакны ишахәаԥшуа.

ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат. - Sputnik Аҧсны
Ааигәа иаҳхамшҭуа аиааира

Вашингтонтәи аҭыжьымҭа NPR The Financial Times акорреспондент иинтервиу акьыԥхьит. Уаҟа иаҳәоит Аԥсны даара иԥшӡоу, Қырҭтәылеи Урыстәылеи ирыбжьаку дгьылны ишыҟоу. The Financial Times ажурналист иазгәеиҭеит Аԥсны де-факто Қырҭтәыла иаҵанамкуеижьҭеи 20 шықәса ишреиҳау.

Британиатәи аҭыжьымҭа The Christian Science Monitor иазгәанаҭоит CONIFA ачемпионат ишалнаршаз Аԥсны ахьӡ аӡыргара. ConIFA иалоуп ихьыԥшым аҳәынҭқарра маҷқәа, зхатәы ҵакырадгьыли напхгареи змоу, иаҳҳәап Аԥсны, Курдистан, Сомалиленд, Аҩадатәи Кипр, Ашьха Ҟарабах, Приднестровие ҳәа арбоуп аҭыжьымҭаҟны.

Лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 5 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуан ConIFA аверсиала ашьапылампылтә чемпионат. Атурнир иалахәын 12 команда. Ачемпион ҳәа ахьӡ ргеит Аԥсны еизго акоманда.

Ажәабжьқәа зегьы
0