Амузыкатә фестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицунда

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмузыкатә фестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицунда
Амузыкатә фестиваль Лира мҩаԥысит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи амузыкатә фестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицундатәи ауахәамаҟны.

АҞӘА, рашәарамза 8 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны имҩаԥысит есышықәсатәи аклассикатә музыкатә фестиваль "Лира", уи еиднакылеит Аԥсны аҟазаратә школқәеи Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭеи рҟнытә 43-ҩык амузыкантцәа қәыԥшцәа. Сынтәа ари афестиваль рҽаладырхәит Галтәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәагьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмузыкатә фестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицунда
Амузыкатә фестиваль Лира мҩаԥысит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Амузыкатә фестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицунда

Афестиваль иалагӡаны,аҿарацәа инарыгӡеит еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа, еицырдыруа аԥсуеи аҳәаанырцәтәии акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа. Амузыкантцәа хәыҷқәа рымчала иқәыргылан авокалтә номерқәа, иадырҳәеит амузыкатә инструментқәа.

"Сара афортепиано аҿы инасыгӡеит Чаиковскии ирҿиамҭа "Жатва". Ари апроект алахәра даара акраҵанакуеит аҿар ҳзы. Амузыкантцәа қәыԥшцәа иаҳнаҭоит алшара, ҳҟазара аарԥшразы", — ҳәа азгәеиҭеит, афестиваль алахәҩы Барас Ҟәыџба.

Артистцәа қәыԥшцәа рықәгыларақәа, ахәаԥшцәа ирыдыркылон имеихсыӷьуаз напеинҟьарала.

Барас Кәыҿба Урыстәылатәи Афедерациа Апрезиденттә оркестр даланы Кремльтәи ахан ду Георгевтәи азал аҟны дықәгылеит. - Sputnik Аҧсны
Барас Кәыҿба Кремль дықәгылеит

Аклассикатә музыка афестиваль "Лира" амҩаԥгара лаԥшьгамҭоуп Гагратәи аҟазаратә школ арҵаҩы Мери Ҷанба.

Раԥхьатәи афестиваль "Лира" мҩаԥысит 14 шықәса раԥхьа, 2002 шықәсазы.

"14 шықәса иалагӡаны, рҟазареи рбаҩхатәреи ҳдырбеит шәҩыла ахәыҷқәа. Ҳаԥхьаҟа ҳара иаҳгәиҭоуп афестиваль амҽхак арҭбаара, ижәларбжьаратәины аҟаҵара. Ари аусмҩаԥгатә иабзоураны Аԥсны аҟазаратә школқәа рылҵшәақәа еихыршьаалоит", — лҳәеит афестиваль амҩаԥгара заԥшьгамҭоу Мери Ҷанба.

Аклассикатә музыкатә фестиваль "Лира" хықәкы хадас иамоуп, аҟазареи аҩабхатәреи злоу ахьыбҿар ралԥшаара, анаҩс адгылара рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0