АҞӘА, рашәарамза 10 — Sputnik. Аԥсны ҭырқәтәылатәи анаплакуаа рнырра ааннакылом урыстәылатәи асанкциақәа ишрыдгылазгьы иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб.
Иара иажәақәа рыла ҭырқәтәыла аррауаа Шьамтәылан икарыжьыз аҳаирплан иахҟьаны Аԥсны адгыларатә уалԥшьа нагӡо ахәаахәҭра-економикатә санкциақәа аланагалеит, аха ҭырқәтәылатәи анаплакуаа уи азы рнырра аанкыламхеит.
"Сара исҳәоит урҭ аимадарақәа заанкылам. Ҭырқәтәылан инхоит аԥсуа диаспора ду. Урҭ Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иагеит XIX ашәышықәсазы. Иахьазы дареи ҳареи ҳаимадара шьақәыргылоуп. Ҳара ҳҟны аҵак ду рыманы иҟоуп аижәлантә, аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа", — иҳәеит иара.
"Урыстәыла абизнес аус аҟны аҭыԥ ду шааннакылогьы ҳара ҳџьынџьуаа мап ҳазрыцәкуам. Дара, адиаспорагьы еилкаарыла иазнеит иҟаҳҵаз ашьаҿа", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥыза-министр.
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа ауадаҩра роуит абҵарамза 24, 2015 шықәса рзы аҭырқәа арратә истребитель F-16 урыстәылатәи аҳаирплан анканажь ашьҭахь. Абри инадҳәаланы ҭырқәтәыла аганахьала аекономикатә ркьаҿрақәа мҩаԥган.