Аԥсны зегьы иреиҳау, 116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа лҭоурых

© Foto / Сырма Ашәԥҳа116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа
116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Мықә ақыҭа инхо 116 шықәса зхыҵуа абырг, Нуца Константин-иҧҳа аҳамҭақәа рыманы илҭааит ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Нуца Адлеиба-Думаа аҩнаҭа аҧшәма ҧҳәыс Клара Думааҧҳа лан лоуп. Абар, уажәшьҭа 20 шықәса инареиҳауп лыҧҳа лҟны дынхоижьҭеи. Нуца Константин-иҧҳа диит иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазы жәабран 15, 1900 шықәсазы. Ааи, лара 116 шықәса лхыҵуеит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит лдокументқәа. Аҧсны инхо, қәрала зегьы иреиҳабу лакәны аофициалла иҧхьаӡоуп. 

116 шықәса зхыҵуа Нуца Константин-иҧҳа аҧсҭазаара аӡеибафарақәа акыр дкыдырҟьахьеит. Лара дырхаануп Адунеизегьтәи аибашьрақәа ҩба, ареволиуциа, аколлективизациа, аиҭаргылара, СССР аилыбгара, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шықәсқәа), иара убас еиуеиҧшым аҭоурыхтә хҭысқәа, шықәсы рацәалатәи аҧсҭазаара иазхаша. Илааӡеит ҩыџьа аҭыҧҳацәа, фҩык амоҭацәа, лмоҭацәа ирхылҵыз ракәзар, быжьҩык ыҟоуп. 

"Ҳара ҳан, лхы еиҳа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа бзиа илбоит, лгәы разуп. Асасцәа еснагь гәаартыла дырҧылоит. Уажәы лгәабзиара маҷк ишуашәшәыроугьы, еснагь лхы-лҿы еихаччоит, дгәамҵуа даҳбаӡам. Еснагь ажәлар лныҳәоит. Уи лара лныҳәаҧхьыӡқәа ирхадоуп", — дцәажәон Нуца лыҧҳа Клара Думааҧҳа. 

Нуца Адлеиҧҳа илыхҭысхьоу илхылгахьоу маҷӡам. Лҟазшьа ҷыдарақәа иреиуоу арыцҳашьара иахылҿиааз ахҭыс, хымҧада иаршанхеит афонд ахаҭарнакцәа. Абар, урҭ ираҳаз ажәабжь џьашьахә:

"Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз аамҭазы Нуца Константин-иҧҳа длыдылкылеит хылҵшьҭрала еиҭымыз урыс хәыҷык. Аҷкәын хәыҷы егьырҭ иҩызцәа реиҧш, арратә ешелон Аҧсныҟа даанагеит. Арҭ ахәыҷқәа рҭаацәа, аибашьра ахьцоз, абомбақәа ахьаларыжьуаз, афашист қәылаҩцәа ирымпыҵархалаз аҭыҧқәа рҿы инхон. Ас еиҧш агәнаҳара Нуца Константин-иҧҳа лгәаҵанӡа имнеирц залшозма?! Аеҭым хәыҷқәа рахьтә аӡәы аҩныҟа даалгеит, ан гәакьа илхылҵуаз аҧхарра идҵаны длааӡеит. Аҷкәын деизҳаит. Ус, акыр шықәса ааҵуаны еиҧш, машәырны еибаҧшаауеит аҷкәын цәала-жьыла дызхылҵыз иан гәакьеи иареи. Хымҧада, анаҩс урҭ еиҩызцәахеит, аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьалеит", — илаҳаз лакәшьо еиҭалҳәон афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа.

Миаси Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон
 

Асида Инаҧшьҧҳа лажәақәа рыла, аҧҳәыс бырг аиарҭа дшамазгьы, лхы цҳафыруан, агәеибагара лыман. Илызнеиз асасцәа акыр дреигәырӷьеит. Изныкымкәа лыҧҳа лахь дхьаҧшны, "иаҳҭааз асасцәа акрымфакәа имцааит", — ҳәа уажәы-уажәы илабжьылгон. 

Афонд аҿы иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа, абас ақәра нҵыра иаҵаҵәаху амаӡа еилаҳкаарц ҳааит бара бахь, ҳәа азҵаара аниҭи, лҭаацәа ажәак ала аҭак ҟарҵеит — аџьа аус. 

Нуца Константин-иҧҳа аџьа аус дацәаашьомызт, аҩнтәи аусқәа ҭакҧхықәрала дрызнеиуан, аколхоз аҿы аус луан, ачаи ҿылхуан, "Стахановка" ҳәа илышьҭан. Изныкымкәа Аҧснытәи Асовет депутатс далырххьан, КПСС далахәылан. Ахатә џьабаала анхара, ажәлар рҧеиҧш лашазы аныҳәара, аҭаацәа бзиа рбара, еизҳауа аҿар разгәыдура — абарҭқәа зегьы хымҧада, ашықәс нҵыра иацнаҵоит. Аҧсҭазаараҿы абарҭ абзиарақәа зегьы дырхыбаамхеит Нуца Константин-иҧҳа Адлеиба. Ҳажәлар рныҳәаҧхьыӡ иалоуп еснагь: "Аҧсуа иқәра нҵыра ду уоуааит!" ҳәа. Нуца Константин-иҧҳа акыр шықәса дҳагымзааит, агәабзиара агәамч лыцзааит еснагь! Ирҳәоит "Абырг илаҧш ахара инаӡоит" ҳәа. Ус анакәха, лылаҧш хаа зегьы ирхызааит аҧҳәыс бырг бзиа Нуца Адлеиҧҳа.  

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа ашәҟәы аиқәыршәара иаҿуп ааҧхьара ҟарҵарц, Адунеи арекордқәа Ргиннесс ахь, Нуца Константин-иҧҳа Адлеиба Аҧсны қәрала зегьы иреиҳабу быргк лаҳасаб ала ашәҟәы данырҵарц.  


Ажәабжьқәа зегьы
0