Шьчукинтәи аинститут иҭоу аԥсуаа рҟазара

© Фото : Лев РыжковАлександр Островский "Горячее сердце". Актеры Татьяна Маляревская, Давид Килия, Аслан Киут
Александр Островский Горячее сердце. Актеры Татьяна Маляревская, Давид Килия, Аслан Киут - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амчыбжь анҵәамҭазы Б. Шьчукин ихьӡ зху москватәи Атеатртә институт аҟны имҩаԥысит 2014 шықәса рзы аҵараиурҭа иҭалаз аԥсуа студентцәа рыҳасабырбатә қәгылара.

Аччабжьи анапеинҟьабжьи

Шьчукинтәи аҵараиурҭа адунеи аҟны зеиԥш ыҟам ҵараиурҭазар ҟалап. Араҟа аҵара иҭоу аԥсуа студентцәа рзы иара альма-матер акәны иҟоуп. Урҭ ара ироуа адыррақәа Аԥсныҟа иргоит, атеатртә ҟазарагьы аҩаӡара ашьҭыхраҿ илҵшәахоит.

Ахәылԥаз мҩаԥысуан ахәбатәи аихагылаҿ иҟоу, рацәак идуум азал аҟны.

Ахәылԥаз арепертуар шьақәыргылан 10-15 минуҭ ицо асценкақәеи аспектакльқәа рцыԥҵәахақәеи рыла. Иумбар алшом аԥсуа студентцәа еицҿакны Александр Островски ипиесақәа бзиа ишырбо. Уи идагьы ҳәарада — Лев Толстои, Курт Воннегут, Карло Гальдони, Фазиль Искандер.

© Фото : Лев РыжковФазиль Искандер, "Софичка". Актеры Аманда Кварацхелия и Руслан Жиба.
Фазиль Искандер, Софичка. Актеры Аманда Кварацхелия и Руслан Жиба. - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер, "Софичка". Актеры Аманда Кварацхелия и Руслан Жиба.

"Софичка" ацыԥҵәаха аԥсышәала ихәмаруан. Актиорцәа ҿарацәа Аманда Кәарацхьелиаԥҳаи Руслан Жибеи убас ихәмаруан, ирҳәоз еиҭагарадагьы еилукаартә еиԥш.

"Горячее сердце" (Александр Островски) акәзар азал зегь атәнатәит.

Актиорцәа ҿарацәа рыхәмарра иахәаԥшырц арахь иааиит: Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, аҟазара акафедра аиҳабы Елена Дунаева, Аԥсны Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Татиана Гәлиаԥҳа.

"Сара избаз даара агәахәара снаҭеит, — иҳәеит Игор Ахба. – сара спрофессионалым, аха избаз акыр исгәаԥхеит. Ҳастудентцәа аҟазара аҟәырҷаха шрылоу убарҭоуп".

Игор Мураҭ-иԥа иажәақәа рыла иналукааша аҵараиурҭаҟны аҵара аҭакԥхықәра дугьы ацуп.

"Иҭабуп сҳәар сҭахуп асеиԥш иҟоу аҵараиурҭаҟны аквотақәа. Аҭыԥқәа аԥсуа ҿар рзы иалызхыз урыстәылатәи аган ахь схы нарханы. Сгәыӷуеит урҭ рҵара аныхдыркәшалак ашьҭахь Аԥсныҟа ихынҳәып, ҳатеатртә ԥсҭазаара еиҵарҳап ҳәа", — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Баҭал Кобахьиа иакәзар иазгәеиҭеит аԥсуа студентцәа асеиԥш зыҩаӡара ҳараку аҵараиурҭаҟны раԥхьаӡа акәны аҵара шырҵо.

"Иҭабуп ҳәа расҳәоит Евгени Князеви Елена Александр-иԥҳа Дунаеиваи ҳастудентцәа аҵара ахьыддырҵо азы", — иҳәеит аминистр лхаҭыԥуаҩ.

© Фото : Лев РыжковКурт Воннегут "Долгая прогулка – навсегда". Актеры Владислав Аргун, Ирина Делба
Курт Воннегут Долгая прогулка – навсегда. Актеры Владислав Аргун, Ирина Делба - Sputnik Аҧсны
Курт Воннегут "Долгая прогулка – навсегда". Актеры Владислав Аргун, Ирина Делба

Аԥсуа студентцәа аҽа ргәыԥкгьы аҵара рҵоит Санкт-Петербург. Урҭ рҟынтәгьы рыԥсадгьыл алҵшәақәа ирзыԥшуп.

Ахатәы бызшәа аурокқәа

"Ари раԥхьатәи шьаҿақәоуп, — лҳәеит акафедра аиҳабы Елена Дунаева. – Иартистцәаҵәҟьаны ианыҟало атеатр аҟны аусура ианалагалак ауп. Уахатәи ахәылԥаз раԥхьатәиуп. Избоит рыгәқәа шыхыҭ-хыҭуа".

"Астудентцәа зегьыҵәҟьа аԥсуа бызшәа рыздырам. Ҳара ҳҟны уи инақәырӷәӷәаны аҵара рҽазыршәоит. Амилаҭтә бызшәа аҵара хылаԥшра ду аҳҭоит", — лҳәеит Елена Александр-иԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0