Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕрмантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит
Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 13, 14, 15 асааҭ 10 инаркны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ԥсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны". Уи азы аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи дареи.

АҞӘА, рашәарамза 13 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ермантәылантәи Аԥсны иааны иҟоу зыҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа аус руеит, Ереван иалкаау ахәышәтәырҭатә клиникақәа рҿы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амедициниатә  ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ахәыҷтәы ортопед-атравмотолог хада Овсеп Даниелиан, ахәыҷтәы неврологиатә кафедра аҟәша анапхгаҩы Асмик Даниелиан, ахәыҷтәы реабилитолог Гаиане Захариан. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕрмантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит
Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит

"Сара 30 шықәса ҵуеит ахәыҷтәы неврологс аус суеижьҭеи. Ҳара иаҳдыруеит Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шырацәоу. Ачымазарақәа еиуеиԥшым. Зегьы дара рхатә азнеишьақәа ахәышәтәышьақәа рымоуп. Иахьа, асааҭ 10 инаркны сҩызцәеи сареи ахәыҷқәа рыдкылара ҳаҿуп. Урҭ рхыԥхьаӡара акырӡа ирацәоуп. Рыхәышәтәышьа акәзар, ҳара ҳметодқәа иахьрықәымшәо ыҟоуп. Аҭыԥантәи аҳақьымцәеи ҳареи иааигәаны ҳаибадырит, хымԥада ҳпышәақәа еимаҳдоит. Агәыҳалалра аазырԥшуа ауаа Аԥсны иахьшәымоу даара гәахәала иҳадаҳкылоит", — ҳәа азгәалҭеит Ермантәылатәи аневролог хада Асмик Даниелиан. 

Згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рҭаацәа ракәзар, ас еиԥш ауснагӡатәқәа реиҿкаара алзыршаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит.

"Аҭаацәа зегьы рсоциалтә ҭагылазаашьа еиԥшым. Иҟоуп Аԥсны анҭыҵ аҽыхәышәтәра зылшоу, иҟоуп уи аҩыза аҭагылазаашьа змам. Сара телехәԥшрала иансаҳа ажәабжь, Ермантәылантәи аҳақьымцәа аауеит ҳәа, ҩыџьа смоҭацәа сыманы сааит. Аҳақьымцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Уажәшьҭа ҳгәы ҳарҭынчит. Иҟаҵатәу ҳабжьыргеит", — лҳәеит Николи Данили ранду Раиса Қацәԥҳа. 

Афонд аҟны иаԥҵоу асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳа лажәақәа рыла, акрааҵуеит афонд агәабзиарахьчара иадҳәалоу аусқәа рнапы рылакуижьҭеи, илҳәеит аԥхьаҟа уи аҿиара шаҭаххо. 

Аҳақьым — апедиатор хада Ада Абыхәԥҳа излазгәалҭаз ала, ахәыҷқәа рҭаацәа ҭелла адырра рырҭеит, ақалақь хәыҷтәы хәышәтәырҭахь иаарграц, Ермантәылантәи иаан иҟоу аҳақьымцәа рҟны агәаҭарақәа ирхысырц азы. Аҭаацәа ракәзар, ари аҩыза ажәалагала акыр ргәы иаахәаны ирыдыркылеит.   

Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны аԥсабара акырӡа ихнахит, аԥсуа исасдкылара акәзар акыр иџьаршьеит. Згәамч ӷәӷәоу, згәабзиара ҭышәынтәалоу ахәыҷқәа — уаҵәтәи аҳәынҭқарра аԥеиԥш ауп. Убри азы агәаҳәара аадырԥшит, ахәыҷқәа рдунеи лаша аԥҵаразы, досу имч-илша адиҵарц.

© Foto / Сырма Ашәԥҳа.Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит
Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Ермантәылатәи аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа гәарҭоит

Афонд ахада Сонер Гогәа излеиҳәаз ала, хықәкыс ирымоуп ас еиԥш иҟоу агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аусқәа реиҿкаара аҟны, ҳауаажәлар ацхыраара адгылара аарԥшра агәаҳәара рыҭара.

"2016-тәи ашықәс зегьы, иара уи анаҩсгьы ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара иадҳәалоу аусқәа ҳхахьы иаҳгеит. Ааигәа, ҳара ҳааԥхьарала, абри ахырхарҭала Урыстәылантәи аҳақьымцәа-аҟазацәа ааны иҟан, аконференциа мҩаԥаҳгеит. Зегь рԥхьа иргыланы ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәа аҭыԥан иахәҭоу ацхыраара роурц, убри азы аҭыԥантәи аҳақьымцәа рԥышәа аизырҳаразы аҳәаанырцәынтәи аҳақьымцәа ааҳаԥхьаларц. Уажәы Ермантәылантәи аҳақьымцәа ара аусурақәа мҩаԥыргоит, аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп Европа атәылақәа рҟынтәи аҳақьымцәа ааԥхьара раҳҭарц", — иҳәеит Сенер Гогәуа. 

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны"  аԥшьгарала, апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аԥсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа. 


Ажәабжьқәа зегьы
0