Апартиақәеи аиҿкаарақәеи ареферендум ахылаԥшра рулоит

© SputnikАԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны "Жәларзегьтәи рыбжьыҭиразы" Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

АҞӘА, рашәарамза 16 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны "Жәларзегьтәи рыбжьыҭиразы" Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит. Уи инақәыршәаны Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ареферендум аан наԥшцәаны иҟалар алшоит.

Азинтә политиказы аилак ахантәаҩы Валери Агрба иҳәеит азакәан апроект аилатәара амшхәаԥштә ахь анагара ҵаҵӷәны ишамоу ЦИК ахантәаҩы Жәлар Реизара аиҳабы иахь инеишьҭыз ажәадгала.

"Ареферендум аан ауаажәларратә наԥшыҩцәа ринститут алагалара азыԥхьагәаҭоуп. Иҳадгалоу апроект инақәыршәаны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи азин рымоуп абжьыҭира аҽны хҩык анаԥшыҩцәа рынашьҭра", — иҳәеит Агрба.

Абри еиԥшу апрактика хра аманы ахы аанарԥшит атәыла Ахада иалхрақәа раан.

Апарламент аҟны атәыла Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамбагьы азакәан иалагало аԥсахрақәа бзиоуп ҳәа рхиҳәааит.

2016 шықәса, хәажәкырамза алагамҭазы аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны ЦИК ахь инарышьҭит атәыла Ахада иаамҭа аанӡа еиҭалхразы ареферендум мҩаԥгахарц азы ашәҟәы. Имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны дара иазгәарҭеит ареферендум мҩаԥгатәуп ареспубликаҟны ишьақәгыланы иҟоу аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0