Аладатәи арратә округ арра-дәытә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Игорь Руссак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАладатәи арратә округ арра-дәытә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит.
Аладатәи арратә округ арра-дәытә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ амедикцәа имҩаԥыргеит арра-дәытә ҽазыҟаҵарақәа Гәдоуҭа, арҵаратә уснагӡатә рхы аладырхәит 50-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа.

АҞӘА, рашәарамза 16  – Sputnik. Аладатәи арратә округ амедикцәа имҩаԥыргеит арра-дәытә ҽазыҟаҵарақәа аполигон "Гәдоуҭа" аҟны. Арҵаратә уснагӡатә рхы аладырхәит 50-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан жәаба рҟынӡа амедицинатә техника. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа жәаба инареиҳаны анормативқәа нарыгӡеит, "ихәу" аррамаҵзурауаа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рырҭеит, амедицинатә цхыраара зырҭаз аҭыԥ иалыргеит. Азыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭахоит иҷыдоу амедицинатә техника.

Азыҟаҵара хықәкны иамоуп амедицинатә маҵзура атехника ҷыда ахархәараз аԥышәа аиура.

Ажәабжьқәа зегьы
0