Фазиль Искандер дасу ҳаԥсҭазаараҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа имҩаԥысуаз астол гьежь "Сюжет существования" аҟны.
Аҟәа имҩаԥысуаз астол гьежь Сюжет существования аҟны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ауаҩытәыҩса ихаҭара анырра шеиҭо, аԥсҭазаара ҵакны ирбо ртәы иалацәажәон Аԥсны аҟазареи акультуреи русзуҩцәа.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Искандер иҩымҭақәа рҟынтәи ацитатақәа, агении иҳаиҭо анырра, ҳара ҳзы уи ҵакыс имоу ртәы иалацәажәон Аҟәа имҩаԥысуаз астол гьежь "Сюжет существования" аҟны.

Афотоҭыхыҩ, аоператор, ажурналист Ибрагим Чкадуа еиҭеиҳәеит иара ихаҭара Искандер иаиҭаз анырра ӷәӷәа атәы. Дыздыруа ибрагим иарҳәалоит ииумор Искандер иестетика шаныԥшуа.

"Сара уи сгәы иахәоит. Уи иаанагоит Искандер уаҩык, рҿиаҩык иаҳасабала сеиҿкаара далахәуп ҳәа", — иҳәоит Чкадуа.

Шьазина Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Агрԥҳа: афестиваль еиднакылеит Фазиль ибызшәала ицәажәо ауаа

Искандер исиужет хадақәа зегьы 30-40-тәи ашықәсқәа рзоуп ианымҩаԥысуа. Урҭ ашықәсқәа иара ашәҟәыҩҩы ихаҭагьы иԥсҭазаараҟны рышьҭа нрыжьит.

Ажурналист Валери Ҟәырасқәуа иазгәеиҭеит Фазиль иарбанызаалак ирҿиамҭа афоризмқәа рыла ишырацәоу. Иара игәаанагарала урҭ ацитатақәа еизганы хазны рҭыжьра ус бзиахон. Уи иалнаршон еиуеиԥшым аԥсҭазаратә ҭагылазаашьақәа раан Искандер ихәыцрақәеи иабжьагарақәеи рызхьаԥшра.

"Асеиԥш иҟоу ашәҟәы аҭыжьра ус бзиахон. Ирацәаҩхон уи зхы иазырхәозгьы", агәра игоит Валери Ҟәырасқәуа.

Аполитолог, Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла Арда Инал-иԥа лгәаанагарала Фазиль ирҿиара аҳаракыра зхылҿиааз жәлар рҟәышра адкылара ахьилшаз ауп.

"Иибаз-иаҳаз ирҿиараҟны ахархәара роуит. Ҳаамҭазы, аинформациа рацәа зегьы ианҳамоу хра аманы иҟоуп Фазиль идырра адкылара. Иара ирҿиамҭақәа, имариоу адкылара рыманы ирылдыршоит ҳажәлар рзы ихадоу аҽа џьоукы рызнагара", — лҳәоит лара.

Мадина Аргәынԥҳа лпремиера Ажьақәеи амаҭқәеи. - Sputnik Аҧсны
"Ажьақәеи амаҭқәеи" Аԥсуа драматә театр асценаҟны идырбан

Арежиссер Мадина Аргәынԥҳа далацәажәоит Искандер иажәабжь "Сюжет существования" алагамҭа лара лхатәы сиужет ишеиԥшу. Ажәабжь афырԥҳәызба Чегьем акалҭахь дынхоит лабду иҩнраҿы. Уи иахьагьы еиқәырханы илымоуп абри аџьынџь.

"Уи аԥҳәыс сара акыр дсеиԥшуп, аиҳаракгьы абри аҭыԥ. Абри аҩны сара ишыстәу аныздыруа", — лҳәоит Мадина Аргәынԥҳа.

Фазиль Абдул-иԥа имариоу, уаҩ еиликааша абызшәала адунеи ауаажәлар ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны инхо ажәлар рзы зегь раасҭа ихаданы иҟоу, ҳәа азгәеиҭоит Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба.

"Иара илшеит аԥсуа культура адунеитә культура иахәҭакны аҟаҵара. Ҳмилаҭтә ҟазшьа, иаци иахьеи адунеитә культура иалеигалеит. Иара иаҳирбеит амилаҭтә культура аҽҭагӡара аҽшьрахьы ушнанамго. Ишаҭаху аинырра. Убасҟан акәхоит аҿиара анулшо. Фазиль ироль абри аус аҟны ахәшьара дуӡӡа амоуп", — иҳәоит Хынҭәба.

Хынҭәба игәаанагарала Искандер Фолкнери Маркеси иреиԥшу егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа дуқәа реиԥш иаԥиҵеит ихатәы дунеи. Абри аҩыза идунеитә лагалазы Нобель ипремиа иаҭәашьара даԥсаны дыҟоуп.

Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит ИУНЕСКО асиа иану иапониатәи ақыҭақәа. Уаҟа ауааи аԥсабареи иаку гормониала еицынхоит. Урҭ лара ажәабжь "Сюжет существования" афырԥҳәызба дахьынхо Чегьем иадылкылеит.

Фазиль ирҿиара зегьы зызку абзиабароуп, ҳәа илшьоит Арсалиаԥҳа.

"Фазиль ирҿиамҭақәа уанрыԥхьо иубарҭахоит уара ԥслымӡ хәыҷӡак уакәны ушыҟоу абри адунеи дуӡӡаҟны. Аамҭа аӡырҩаш зегь аӡәӡәоит, зегь агоит, уара иулшо уи аамҭа иалагӡаны џьара акы аҟаҵароуп", — лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Аилацәажәара иалахәыз ирҳәеит Фазиль и-Аԥсны мышкызны иара ирҿиара бзиа избо рзы зеиԥш ҩнхап ҳәа.

Фазиль Искандер ирҿиамҭа иазкыз Афестиваль аатит Аԥсуа драматә театр аҟны Мадины Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа "Ажьақәеи амаҭқәеи" ала.

Рашәарамза 14 рзы Аԥсуа драматә театр аҟны идырбан Александр Ширвиндти Михаил Державини ахьыхәмаруа аспектакль ателеверсиа "Привет от Цюрупы!" Иара убри аҽны, ахәылԥаз ахәаԥшцәа ирбеит МИТРО атеатртә факультет аспектакль, Сергеи Коковкин иқәыргыламҭа "О, Марат!".

Актәи афестиваль мҩаԥысит 2015 шықәса рзы. Усҟан афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны арахь дааит арежиссиор Александр Сокуров. Иара убасҟан иӡырган адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭаго Искандер ирҿиамҭақәеи ироман "Сандро из Чегема" швециатәи асахьаҭыхыҩ Мадлен Рук иазлырхиаз аиллиустрациақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0