Агрԥҳа: афестиваль еиднакылеит Фазиль ибызшәала ицәажәо ауаа

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәШьазина Агрԥҳа
Шьазина Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 13 инаркны 15 рҟынӡа Аҟәа имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи акультура афестиваль, Фазиль Искандер "Ауаҩы игыларҭа". Афестиваль алҵшәақәа рыла аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс центр аҟны имҩаԥган апресс конференциа.

АҞӘА, лаҵарамза 15 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Рашәарамза 13 инаркны 15 рҟынӡа Аҟәа имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи акультура афестиваль, Фазиль Искандер "Ауаҩы игыларҭа". Афестиваль алҵшәақәа рыла аинформациатә маҵзура SputnikАԥсны апресс центр аҟны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи, афестиваль аиҿкааҩцәа Шьазина Агрԥҳаи, Алықьса Шервашиӡе-Чачба алархәны имҩаԥган апресс конференциа.

Пресс-конференция по итогам фестиваля Стоянка человека - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" хыркәшоуп

"Афестиваль амҩаԥгараз аидеиа шииз ҳәа уадаҩуп аҳәара. Фазиль Абдул-иԥа еснагь дҳацуп, ҳхы-ҳгәы  дҭоуп. Иара еиԥш иҟоу агени ихьӡала афестиваль амҩаԥгара анаԥшьаҳга зегь рыла иҳақәманшәалахеит, избан акәзар иара еиднакылеит Фазиль ибызшәала ицәажәо ауаа. Иацы, иахьа атеатр уаала иҭәын, астол гьежьгьы даара аинтерес аҵаны имҩаԥысит", — ҳәа лхәеит афестиваль аиҿкааҩцәа руаӡәк Шьазина Агрԥҳа.

Лара лажәақәа рыла афестиваль аԥеиԥш бзиа амоуп.

"Фазиль Искандер иаԥҵамҭақәа зегьы афилософиа ӷәӷәа аҵоуп, дара мчык унаҭоит. Иара убри амч ауп иҳазҭо алшара афестиваль аҿыцрақәа алагалара", — лҳәеит лара.

Асахьаҭыхыҩ Алықьса Шервашиӡе-Чачба дхәыҷаахыс Фазиль Искандер дидыруеит, уи азы ари афестиваль амҩаԥгара аидеиа ҿыцқәа алагалара уадаҩ изаҵам.

"Схәыҷаахыс дыздыруеит Искандер, иҩымҭақәа бзиа збоит, исзааигәоуп. "Амаҭқәеи ажьақәеи" уи зегь реиҳа иалыскаауеит, уи азоуп иара зықәҳаргылаз. Мадина Аргәынԥҳаи сареи акырынтә аус еицаҳаухьеит, иагьҳақәҿиеит ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Фазиль Искандер ари афестиваль гәыблыла дазыҟоуп", — ҳәа иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи акультура афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи амш азы имҩаԥган Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны Фазиль Искандер иҩымҭа "Амаҭқәеи ажьақәеи" рыла аспектакль апремиера. Аҩабтәи амш аҽны аурыс драматә театр аҟны "О, Мараҭ" ықәыргылан. Иара убас ахәаԥшцәа идырбан "Привет из Цурюпи" акиносахьа.    

 


Ажәабжьқәа зегьы
0