Денис Саманба амҩа дықәлеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмаланыҟәатә марафон Аҟәа-Москва иалахәу Денис Саманба.
Амаланыҟәатә марафон Аҟәа-Москва иалахәу Денис Саманба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаланыҟәатә марафон Аҟәа-Москва хацыркхеит асабша, рашәарамза 18 рзы, 4:30 ашьыжь.

АҞӘА, рашәарамза 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба ималаныҟәатә марафон Аҟәа-Москва хацыркхеит асабша, рашәарамза 18 рзы, 4:30 ашьыжь.

Идәықәламҭазы Денис ҳкорреспондентом изеиҭеиҳәеит иҭагылазаашьа атәы.

"Аҩны сандәылҵуаз сан абзиараз ҳәа ласҳәеит. Уи сара сзы даара лгәы ҭынчым", — иҳәеит иара.

Аспортсмен иҩызцәа гәакьацәа Арлени Феликси машьынала Москванӡа дымҩаԥыргоит. Урҭ ирҳәеит иара игәҭакы шынаигӡо азы агәрахаҵара шрымоу.

Денис Саманба - Sputnik Аҧсны
Денис Саманба иҽазыҟаҵара даҿуп маланыҟәала Аҟәеи Москвеи еимеидарц

"Ҳгәыӷуеит амҩаҟны машәыр ҟаларым, атехникагьы еиқәышәшәа иаанхап ҳәа. Денис игәра аагоит, ииҭаху шиҭаху иҟалоит", ҳәа азгәарҭеит Денис иҩызцәа.

Денис дымҩаԥызго дрыцуп Викториагьы. Уи аханатәгьы Денис игәҭакы дадгылон.

"Сара ахантәгьы имч агәра згон", — лҳәоит лара.

Астарт ашьҭахь раԥхьатәи аангылара мҩаԥысит Гәымсҭатәи ацҳаҟны, аибашьцәа рмемориал ахьыҟоу.

Амаланыҟәатә марафон Аҟәа-Москва аинформациатә партниор амаҵзура Sputnik иааиԥмырҟьаӡакәа Денис имҩа ахҳәаа анаҭалоит.

Денис Саманба игәҭакуп 2500 километра, Аҟәа инаркны Москванӡа иахысрала аԥснытәи аҿар амаланыҟәатә спорт радыԥхьалара. Уи адагьы зегьы идирбар иҭахуп ауаҩы иҭаххар дыззымиааиуа акгьы шыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0