АҞӘА, рашәарамза 21 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысыз аилацәажәара рхы аладырхәит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылбеи. Дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ азин имоуп ареферендум ахь анеира, иҳәеит аилацәажәараҟны Рауль Ҳаџьымба.
"Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа идҵа хаданы иқәгылоу – ареферендум аан азинеиҿкаара аиқәыршәароуп", — иҳәеит атәыла Ахада.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аоппозициа иаԥнаҵо аштабқәа раԥҵара азакәан шьаҭа шамам.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ареферендум амҩаԥгара еиԥызҟьарц зҭаху амчқәа рыгәҭакы шырзынамыгӡо.
2016 шықәса хәажәкырамзазы аԥшьгаратә гәыԥ арзаҳал нанашьҭит ААК(ЦИК) ахь атәыла Ахада заанаҵы иҭыԥ ааныжьразы ареферендум амҩаԥгаразы. Дара иазгәарҭеит ареферендум мҩаԥгатәуп ҳәа идзырԥхьаӡо иҟоу аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьақәа шракәу.
Ареферендум ԥхынгәы 10 2016 шықәса рзы имҩаԥгахарц Рауль Ҳаџьымба ақәҵара инапы аҵеиҩит.