Нуриҭҭин Ахба: ҳабацәа ҳанацәа иаҳдырбаз ала ҳхы ныҟәаҳгоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаНуриҭҭин Ахба
Нуриҭҭин Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Нуриҭҭин Ахба Ҳендеқь ақалақь аҿы инхо еиҭеиҳәоит ԥсыуак асасцәа шидикылаз атәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Сара шьала-дала саԥсыуоуп. Нуриҭҭин сыхьӡуп, с-Ахбоуп. Сара сан Гәарамиаԥҳан. Ҭырқәтәыла, Ҳендеқь ахьырҳәо сеиуоуп. Аԥсшәа бзианы издыруеит. Сара Аԥсны хәынтә-фынтә снеихьеит. Сыԥшәма Аԥсны деиуоуп. Ҳабацәа ҳанацәа иаҳдырбаз ала ҳхы ныҟәаҳгоит. Акыр шықәса ҵуеит ҳаиҳабацәа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәеижьҭеи.

Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Орал Бганба: ҳаиҳабацәа иалырхыз амҩа ҳацәхьамҵроуп

Усҟан иҟаз ацәгьаурақәа ирыхҟьаны, арахь ихыҵны иааит. Ара, Ҭырқәтәыла иахьааз атәарҭақәа хаз-хазы иалырхит. Рыԥсадгьыл аԥсабара еиԥшыз аҭыԥқәа рҿы анхара иалагагәышьеит, уи ала рыгәхьаагара хырҽыр рҭахызар акәхарын…

Рыԥсы ахьынӡаҭаз изҵымҵшаз ахьанҭара иаҵан, ргәырҩа ӷәӷәан, ирхыргаз агәаҟра рацәан. Амшынеиқәа аҟынтә аԥсыӡ агьама рбаӡомызт. Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы, егьа адунеи ҳаԥсаҟьаны ҳалаԥсазаргьы, "Аԥсуара Анцәа иумырӡын!", — ҳәа  ҳныҳәоит.

Аԥсуара ахьыҟам, егьыҟам ҳҳәоит. Аԥсуара ахьыҟоу ауаҩра аҟноуп, ауаҩра ахьыҟоу аԥсуара аҟноуп. Аԥсуа илоу аҟазшьа ҷыдарақәа даҽа милаҭк еиуоу илаӡам. Аԥсуа уибар, ушԥаҟоу?— ҳәа дуазҵаауеит, уҭагылазаашьа шԥаҟоу, уҭаацәа ргәабзиара зеиԥшроузеи?— иҳәоит, инҭкааны дуазҵаауеит. 

Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги. - Sputnik Аҧсны
Ҳәмарба: аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц

Қапба Ԥельуан ҳәа аӡә дыҟан. Ақәԥара бзиа ибон, ачарақәа ахьыруаз қәԥара дцалон. Аԥельуан даҳзааит ҳәа зегьы дырдыруан дахьнеилак. Ҽнак хҩык ауаа ахабар изаарышьҭит сасра ҳузнеиуеит ҳәа. Ус иҭааз исасцәа џьара инаиртәеит, ирҿаиҵо имам, идиржәуа имам, дыԥхашьа-ԥхаҵо дрыдтәалоуп.

Иҟасҵарызеи ҳәа дышхәыцуаз, ргәылара ԥҳәысеибак дыҟан, жәқәак лымазаарын, ианаалашьца днеин иман дааит, ишьны ацәа аахыхны исасцәа пату рықәиҵеит. Аха, иҟаиҵаз дацәыԥхашьон. Иааигәа абнара ыҟан, амҿы ылхны иҭины, лыжә ацынхәра ааихәеит, даҽа ҳамҭақәакгьы надкыланы, лгәыла ԥҳәыс лҿы днеит.

"Абааԥс, ԥхашьарак сақәшәеит саҭабымҵан, бара ибыбзоураны хьымӡӷ сымгеит, сысасцәа ишрықәнагоз ала пату рықәысҵеит", — иҳәан лнапы дагәӡит. "Ааи, сыҷкәын, уара уԥхашьар, саргьы сыԥхамшьози, ииашан иҟауҵеит. Ажә уара иумазааит, иааӡа, ихьча, ухы аланыҟәга аԥхьаҟа, лҳәан егьырҭ аҳамҭа ссақәа налыдылкылан, ажә шьҭахьҟа илырхынҳәит. Аԥхашьара иҟанамҵо егьыҟам, аҭак ҟаҵашьагь уақәшәозароуп. Аԥсуара ақәнага наугӡароуп!" 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0