Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
- Ҳаҭыр зқәу Орал, ишәыдысныҳәалоит Сақариа инхо аԥсуаа рхеидкыла еиҳабыс шәахьеиҭалырхыз. Шәазааҭгыларц сҭахуп аԥхьаҟатәи шәуснагӡатәқәа ртәы.
— Иҭабуп даараӡа. Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аԥаҳҵеижьҭеи уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит. Ҳазҭоу амзазы раԥхьатәи аихшьалатә еизара ду мҩаԥаҳгеит. Ҳазлацәажәаша, иҟаҳҵаша аусқәа рацәоуп. Адаԥазар зегь реиҳа аԥсуаа ахьырацәо ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ирацәоуп уи иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа. Ҳара ҳхеидкыла 2000-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа алоуп. Ҳаԥхьаҟа, ҩышықәса ирылагӡаны 5000-ҩык инареиҳаны аԥсуаа еидаҳкыларц ҳҭахуп. Иара убас, урҭ зегьы Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы роурц аҭагылазаашьа рзаԥаҳҵарц ҳҭахуп.
Аԥсны аиҳабыра уи азы ажәа ҳарҭахьеит. Ҳтәыла ахада Ҭырқәтәылаҟа ааԥхьара иаҳҭарц ҳгәы иҭоуп. Аԥсуа паспортқәа ара ирызшазарц агәаҳәара аадырԥшуеит ҳауаажәлар. Уи алагьы ҳахьӡ адунеи иалаҵәо иҟалоит. Ҳара ҳхеидкыла ахатә усбарҭа амаӡам.
Убри азы, Сақариа анапхгара ҳрацәажәахьеит аҭыԥ ҳзалырхырц азы. Уи азы азин ҳарҭеит. Ҳарҭ уи апроект аус адулара ҳаҿуп, ҿыц ахыбра ду ҳаргылоит. Ҳара ҳзы уи школк иаҩызахоит. Аҿар аҭагылазаашьа рзаԥаҳҵоит раԥсуара, ркультура, рҵас-рқьабз дырҵаразы. Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа ируакуп ҳҭоурыхтә ԥсадгьыли ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, уи иадҳәалоу апроектқәа аус рыдулара. Аамҭа ҳаҩмыжькәа ԥхьаҟа ҳцалароуп.
- Имҩаԥыжәгаз аизара ду ахь ааԥхьара рышәҭама Ҭырқәтәылатәи ареспублика анапхгара?
— Хымԥада, ааԥхьара раҳтеит. Аизара рхы аладырхәит Ҭыркәтәылатәи апарламент адепутат, иара убас хылҵшьҭрала иаԥсыуоу адепутат Енгин Ҭаскәач-иԥа. Аҭырқәа адепутат Аԥсныҟа хаҭала днеихьеит, ибахьеит уа иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥсуаа ҳаизарақәа рахь еснагь ааԥхьара иаҳҭоит, шамахамзар ихы агирхаӡом. Иқәгыларақәа рҿы еснагь иазгәеиҭоит, Кавказаа агәаӷь зызҭоу ауаа шракәу. Ҭыркәтәылатәи ареспублика ашьақәыргылараҿы акыр рылша шырацәоу.
Аҭырқәа жәлар, аԥсуаа ҳаҭыр қәҵарыла ишрызнеиуа. Иара убас, Енгин Ҭаскәач-иԥа иакәзар, акыр аҽазышәарақәа мҩаԥигоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы аҭырқәа напхгара рҟынӡа анагара. Ҿыӷәӷәала далацәажәоит аԥсуаа акыр агәаҟрақәа шырхыргахьоу, аӡәы изы ацәгьа ишашьҭам. Ибзианы ишеилыркаауа, аҭоурых аӡыблара ажәлар акыр агәаҟра иҭанаршәар шалшо. Убри азы еилибакаарыла, рыцҳеибашьарыла ишеицәажәалатәу, ишеихӡыӡаалатәу.
Аԥсны аҭагылазаашьа еснагь ҳазҿлымҳауп. Доуҳала иӷәӷәоу ауаа политикалагь, економикалагь игәӷәазароуп. Убри азы наҟ-ааҟгьы ҳамчқәа еибаҳҭароуп. Ҳаиҿакны мҩак ҳаицанызароуп. Хымԥада, усҟан ҳусқәа алҵшәа рмоурц залшом. Аҳәынҭқарра, ажәлар уасхырны иаҵагылазароуп.
- Аԥсныҟа аԥсуаа рахь ишәҳәарц азы гәаҳәарас ишәымои?
— Ииашаҵәҟьаны, ҳхы-ҳаԥсы уахь иҟоуп. Ҳара ҳаиҳабацәа ирҿаҳҵааз рацәоуп. Зегь раԥхьа иргыланы абызшәа, алеишәа, аҵас. Абызшәа аиқәырхара ҳалҳаршароуп. Ус анакәымха, милаҭк аҳасаб ала ҳзышьақәгылаӡом. Ара инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара ахьынӡаҳалшо ишьақәҳарӷәӷәароуп, Аԥсны ргәы азыбылуа иҟаҳҵароуп.
Аҿар еибабалароуп. Урҭ ҳамҩа зырлашо ракәны ҳрыхәаԥшуеит, аԥхьагылара раҳҭароуп. Ҳгәы рыладууп Аԥснынтә ара иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа. Арантәгьы Аԥснытәи ауниверситет иҭалароуп ҳҿар. Арҭ аусқәа рҿы иахьаҳагӡароуп, ацхыраара раҳҭароуп.
Усҟан еиҳагьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ргәы азыбылуа иҟалоит. Сара акырынтә Аԥсны снеихьеит. Аибашьра аԥхьагьы сыҟан. Урҭ амшқәа ахааназы исхашҭраны сыҟаӡам. Ҳаиҭанаиааира аҳәаақәа ҳарҭбаароуп. Уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам. Аԥсны иубаратәы иҟоуп аизҳазыӷьара амҩа ишану. Уи ҳгәы акыр иардууеит. Ажәабжь бзиақәа рыла ҳаигәныҩлааит есымша. Ҳаиҳабацәа иалырхыз амҩа ҳацәхьамҵроуп.
- Иҭабуп Орал ҳаиҿцәажәаразы. Аихьӡарақәеи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит шәусураҿы