Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи анышә иахьамадоу апантеон аԥҵара аидеиа цәырҵит 1959 шықәса рзы, аԥсуа поет гәлымҵәах Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь. Апантеон ахаҭа аадыртит 1965 шықәса рзы, Гәылрыԥшь апартиа араионтә комитет амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа анышә дамардеит. Апантеон аҟны ижуп еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа: Қьаазым Агәмаа, Иван Ҭарба, Минадора Зыхәба, Шәарах Ԥачалиа, Михаил Ҭраԥшь уҳәа ирацәаҩны.
Аҳәира зхыҵәаз анышәынҭрақәа
Апантеон иахьаҵанакуа уаннеилак иаразнакы иузеилкаауам араҟа ауаа анышә иамадоу мамзаргьы имадаму. Аҵлақәеи аҵиаақәеи еимакны еизҳауеит. Аҳаскьын акәзар, аҳра амоуп. Арахь, араҟа аҵыхәтәантәи рызқәаҭыԥ ҳәа ирзалхын Аԥсны азы зхы-зыԥсы иамеигӡаз. Ахьӡ ҭызгоз ауаа.
Апантеон Аԥсны атәылауаа реиԥш асасцәагьы ирнеирҭаны, иҿахәҳәаганы, иҭоурых ҭыԥны иҟазар акәын. Уи ацынхәрас араҟа абабира еизҳауеит. Анышәынҭрақәа руак иахыҵәаз аҳаскьын напыла ҳнаха-аахан ҳнахәаԥшызар иануп "Қьаазым Агәмаа" ҳәа.
Ашкол аҟны, нас ауниверситет аҟны Қьаазым Агәмаа иҩымҭақәа санрыԥхьоз асеиԥш мышкызны избап ҳәа агәра згомызт.
Апантеон санаҭаа ашьҭахь заҟа сгәы каҳаны, ахәыцра хьанҭақәа сзааины сыҟаз аҳәара уадаҩуп. Ажәа ԥшӡақәа рҳәара шҵакыдоугьы иаразнак исныруан.
Ҳәарада, зегь бзиа еицаабо, зырҿиамҭақәа ҳрылаҽхәо ауаа абасеиԥш изрызныҟәатәузеи?
Асеиԥш аҭагылазаашьа иахьакәым иацакәым ианыҟалаз. 2014 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи астудентцәеи ари аҭыԥ ишахәҭаз еиԥш еиҿыркааит.
"Афилологиатә факультет еиҿнакааит апантеон арыцқьара. Аџьабаа ду рбеит", — лҳәоит акафедра аусзуҩ Дифа Габниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла урҭ ауснагӡатәқәа ԥхьаҟагьы ирыцырҵоит ҳәоуп.
Аха асеиԥш зныкны имҩаԥуго акциақәа аҭагылазаашьа дзыриашом. Апантеон иааиԥмырҟьаӡакәа анапы аҭахуп. Уи знапы ианыда? Ҳара уи аҭак ҳаԥшаауеит ҳәа ҳашьҭамлеит, аԥсуа жәаԥҟа ишаҳәо ала "досу ихы идырп".