Арежиссиор Кәакәасқьыри "Нарҭааи"

© Sputnik / Томас ТхайцукАчемпионат ConIFA 2016 аартреи аркреи ррежисиор Ҭемур Кәакәасқьыр.
Ачемпионат ConIFA 2016 аартреи аркреи ррежисиор Ҭемур Кәакәасқьыр. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Нарҭаа" ақәыргылареи арежиссиор еиҿкаамҭеи ртәы Sputnik Аԥсны апродиусер Амина Лазԥҳа илзеиҭеиҳәеит Ачемпионат ConIFA 2016 аартреи аркреи ррежисиор.

Ачемпионат ConIFA 2016 аартреи аркреи ртәы шәаԥхьар алшоит ацеремониа арежиссиор иинтервиу аҟны.

– Ҭемур, ишԥалагеи Ачемпионата ConIFA 2016 аартреи аркреи рцеремониа арежиссура азура? Ҵаҵӷәыс ишьҭышәхи уи азы?

– Раԥхьа иргыланы сара сзызхәыцуаз ачемпионат жәларбжьаратәи аҵакы ахьамаз ауп, уи адагьы иара иалахәын хыԥхьаӡара рацәала аҳәаанырцәтәи асасцәеи ажурналистцәеи. Иуҳәар ауеит жәларбжьаратәи аренаҟны Аԥсны аӡыргара мҩаԥысуан ҳәа. Убри азы сара аҭыԥантәи ахәаԥшыҩ имацара иакәмызт сзызхәыцуаз. Сзызхәыцуаз ҳасасцәа ракәын. Сара исҭахын зегьы идсырбар ҳбеиара: ҳкультура, ҳашәақәа, ҳакәашарақәа. Асценари анызыҩуазгьы Аԥсны аӡбахә уаанӡа иззымдыруаз роуп иззырхаз. Адунеи иазаасыртуан Аԥсынра. Сгәанала сыгәҭакы насыгӡеит. Уи атәы азгәарҭеит аҳәаанырцәтәи ажурналистцәагьы. Иаҳҳәап ателеканал Arte арежиссиор иазгәеиҭеит аартра ацеремониаҟны ишарбаз атәылаз зҳәара алшоз зегьы: акультура, ашәақәа, акәашарақәа, аетнос. Сара агәахәара ду снаҭеит сыгәҭакы уаанӡа арахь имаацыз, ҳаӡбахә змаҳацыз ауаҩ иҟынӡа иахьсызнагаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонифа.
Конифа. - Sputnik Аҧсны
Конифа.

– Усценари злашьақәгылаз ахәҭақәа уҳазрылацәажә.

– Иарбанызаалак асценари еиԥш сара сысценаригьы хы-хәҭак рыла ишьақәгылан: ахыртра, акульминациа, аԥыртлара. Иазгәаҭатәуп ахәаԥшцәа ирбоз иаразнак ишатәнатәыз. Ҳалагеит ахәаԥшҩы дыздызхалаз адаултә шоу ала. Иароуп ацеремониа атон азҭазгьы. Настәи цҵарахеит Аҳәынҭқарратә ансамбль инанагӡоз ахортә шәаҳәара, Кьасоу Ҳагба зроль неигӡаз аԥсуа абчараҳ ицәырҵра, атәыла агимн арҳәара, ансамбль "Шьараҭын" акәашара, Аԥсны аҵакырасахьаҟны атәыла абираҟ ашьҭыхра. Асимволтә ҵакы аман Аԥсны ахсаалаҟны Едуард Бебиа 1980-шықәса рзы иқәиргылаз акәашара "Аиҩызара" анагӡара. Ашоу агәҭахьшәоуп иахьцәыргаз ақәыргыламҭа "Нарҭаа". Иара иацнаҵон аханатә ишьҭыхыз аритм. Кульминациатә хәҭаны иҟалеит ампыл аира, еиҳа ииашоуп иуҳәар Нарҭаа ампыл шроуз аҭоурых. Ԥытларҭатә хыркәшараны иҟалеит ҳшьапылампыл аҭоурых арбара. Абиԥарақәа реимадара. Убри азоуп иаразнакы, нарҭаа рымпыл анцәырҵ ашьҭахь асценахь изцәырҵыз ашьапылампыл асыҩцәа ҿарацәа. Урҭ асовет аамҭақәа рзы аԥсуа шьапылампыл ӡырызгоз аспортсменцәа дуқәа рмоҭацәеи урҭ рыхшареи ракәны иаарԥшын. Ҳәарада асимволтә ҵакы аманы иҟан асовет аамҭақәа рзы аматчқәа ахҳәаа рызҭоз Енвер Арџьениа урҭ рыхьӡқәа ахьеиқәиԥхьаӡоз. Иазгәаҭатәуп зегьыҵәҟьа Енвер ибжьы шырзымдырыз. Ибжьы аҽаԥсахзаргьы иара дшыҟац даанхеит. Сара уи дысхашҭыр ауамызт. Абри хыркәшаран, азҵаарақәа зегьы рҭак ҟазҵоз акәны иҟан. Насоуп ашьапылампыл атема ҳацәхьаҵны аныҳәахь ҳаниас. Араҟа ицәырган еиуеиԥшым аамҭақәа раан ирылаҵәаз ашәақәа, араҟоуп Александр Шоууа иахьынеигӡаз Анри Гәымба аныҳәа иазирхиаз агимн.

– Адаултә шоу аидеиа шԥацәырҵи? Насгьы избан уи ала шәалагарц зышәыӡбаз?

– Алагамҭа агәырӷьаратә ҟазшьа амазар акәын. Сара еилыскаауан ахәаԥшҩы ахортә шәаҳәара дшазыҟаҵамыз. Исҭаххеит аҽакы дазхьасырԥшырц, дхысхырц. Еснагь ус иҟан: аԥхьа адаул абжьы гон, нас акралраҟны, аҳәынҭқарраҟны иҟаз-ианыз рыларҳәон. Абасала адаултә шоу аидеиа сара истәын, аха уи шыҟалаз зыбзоуроу Анри Гәымба иоуп. Сгәы иаанагоит ари аномер ахәаԥшцәа акраамҭа ирхамшҭуа иаанхоит ҳәа.

– Ақәыргыламҭа "Нарҭаа" атәы ҳзеиҭаҳә. Избан Нарҭаа? Егьырҭ ҳ-епосқәа рфырхацәагь урызхьаԥшуазу мамзаргьы Нарҭаа рымацара ракәу узызхәыцуаз? Насгьы Аԥснытәи акоманда "Нарты из Абхазии" ара акрала иадҳәалоума?

— Мап, КВН араҟа ус амаӡам. Сара сзызхәыцуаз ирхадаз Нарҭаа ракәхеит. Абрыскьыл даӡәзаҵәыкын, егьырҭ афырхацәагьы аҟәаҟәала ауп ишаабо. Нарҭаа – урҭ арымӡааҩ ыҟоуп. Урҭ ицәырызгарц исҭахыз еиҳа ианаалон. Сара исыман адаулқәа, ахор. Уи алагамҭаҿы. Агәҭаны исҭахын амчра змоу, ашьапылампыл иадҳәалоу, аепикатә ҟазшьа змоу џьара акы. Ҳҭоурых акыр еилсырхит аха ашьапылампыл атәык сзымԥшаати. Англызцәа ирымоуп. Ҳара – мап. Аԥсны аӡбахә змаҳацыз иара ус башала Аԥсны аҭоурых рзеиҭоуҳәар, акгьы аҳәомызт. Баҭал Џьапуа сизнеиит Нарҭаа репос дысзалацәажәарц. Уантәи џьара акы сзалгозар ҳәа сыӡбит. "Нарҭаа ампыл ихәмаруан" ҳәа анааиҿыҵшәа ашьҭахь сара уаҳа акгьы саҳаӡомызт. Иагьеилыскааит исҭахыз шысыԥшааз. Баҭал асахьаҿ исирбон Нарҭаа зеиԥшраз, ирхаҿсахьаз ҳәа игәы ишаанагоз. Саргьы избо салагеит иҟасҵо шыҟасҵаша.

— Арҿиаратә процесс иамҩаԥысшьааз?

— Акино арежиссиорк иаҳасабала сара исҭахын адәаҟны иҟалогьы кинок еиԥшзарц. Амузыкагьы афильмқәа рсаундтрекқәа иреиԥшны иааҩуан. Аӡәы уи игәаланаршәон "Троиа", ҽаӡәы — "300 спартанцев".

© Sputnik / Томас ТхайцукБарабанное шоу на церемонии открытия ConiFA
Барабанное шоу на церемонии открытия ConiFA - Sputnik Аҧсны
Барабанное шоу на церемонии открытия ConiFA

Аха ара иҟаз Нарҭаа ракәын. Асценаригьы акино азы изыҩуазшәа акәын сшаҿыз. Зегь Нарҭаа репос иагәылхын. Сара исхәыцыз ампыл ҟазҵаз амашьына ауп. Нарҭ Кәын иԥҳәыс Зылха лчара аҽны нарҭаа 100–цәык ршььит. Урҭ рцәақәа ирылхны Зылха ампыл лӡахит. Иршәны ианрылалҵа Нарҭаа уахи-ҽни еиԥшьны ахәмарра иалагеит, нарҭ Сасрыҟәа имԥыхьашәаанӡа. Абри ауп ақәыргыламҭаҟынгьы иубо.

Исыԥсахыз ампыл шыҟалҵаз, ишеиҿылкааз ауп. Уи атәы аепос аҟны аӡбахә еилкаам. Сара исҭаххеит атеатр иатәу џьара акы ҟаларц. Акино аҿы акәзар, амонтаж ацхыраарала иауан арбара напыла ишылӡахыз, аха ара, адәаҟны уи залшомызт.

Ак хәыцтәын. Убасҟан ауп арахь иалазгалаз амашьына аидеиа анцәырҵ. Иҟалап Нарҭаа репос аԥсахрақәа алазгалазар, аха сара хықәкны исымаз аепос аҟны ампыл шыҟаз арбароуп. Ахәаԥшцәагьы, Нарҭаа репос здыруа ракәзаргьы, иҟалап ампыл аҭоурых рзымдыруазар. Убри азоуп џьоукы изырҳәаз ампыл аҭоурых арахь изалагалатәыз ҳәа. Уи сара исхәыцыз акакәым. Нарҭаа репос аҟны ампыл ыҟамкәа иалазгалар гаӡарахон.

Аепос абри ахәҭа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны настәи зегьы схәыцит.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонифа.
Конифа. - Sputnik Аҧсны
Конифа.

– Адәаҟны аиҿагылара, аибашьрагьы цон. Избан?

— Изусҭцәада Нарҭаа? Еибашьцәан. Урҭ рыԥсҭазаара философиас иамазгьы еибашьран. Саргьы уи ауп заарԥшра сҽазысшәаз. "Шьараҭыни" Аҳәынҭқарратә ансамбли рықәыргыламҭақәа санрыхәаԥш избеит абри ахырхарҭала ишцалатәу. Аҟамақәеи аҳәақәеи реилышьра акыр иԥшӡоуп. Уи мап сзацәкуамызт.

"Нарҭаа" алагеит урҭ абҵақәеи, ахыцқәеи, ахәымпалқәеи рыманы рцәырҵрала. Урҭ еснагь аибашьра рҽазыҟарҵон. Аҳәақәеи аҟамақәеи шеилыршьуаз ицәырҵуеит ампыл — аибашьра зыԥсахша акакәны. 20 минуҭ ирҭагӡаны сара исылшомызт ирацәоу аарԥшра. Аԥхьа исҳәеит Нарҭаа зусҭцәаз, нас – ампыл ацәырҵра аҭоурых.

– Ақәыргыламҭаҟны иуадаҩуп аилкаара, иарбан хәмарроу урҭ ирыхәмаруаз.

— Нарҭ Сасрыҟәа ампыл ҵәҩанҵәыҟа ишьҭны дара зегьы иара ианиқәибаҳәо регби ахәмарра угәаланаршәоит. Иазгәаҭатәуп Нарҭаа доумыжьханқәаны ишыҟаз, аҵла кьалантарқәагьы ршьамхаҟынӡа ишынаӡоз. Ус анакәха ампыл азгьы уахԥсыра иқәԥон. Рымч зегьы еиздыркәкәон. Убри ауп иаарԥшугьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукВо время генеральной репетиции церемонии открытия Conifa 2016
Во время генеральной репетиции церемонии открытия Conifa 2016 - Sputnik Аҧсны
Во время генеральной репетиции церемонии открытия Conifa 2016

– Аҽакала иуҳәозар, ашьапылампыл ҳара иаҳхәыцит ҳәагьы ҳазҳәом?

– Мап. Уи хықәкынгьы иҟамызт. Сара идсырбарц исҭахыз аепос аҟны ампыл шыҟоу, ажәытәан ампыл ҳшыхәмаруаз ауп. Ишьапылампылымзаргьы ампыл ҳахәмаруан.

— Ақәыргыламҭа амузыка маҷк уаҳзалацәажәа. Акомпозиторцәа рҿаԥхьа дҵақәаны иқәургылоз?

— 10–мш рыҩныҵҟа акәашара ықәсыргылеит. Араҟа сара исыхәеит ансамбль "Кавказ" аҟны быжьшықәсатәи сыкәашаратә ԥышәа. Сара исхәыцит акәашара асахьа, уи музыкала еиҿыркааит Анри Гәымбеи Ҭимур Агрбеи. Нарҭаа рхаҿра аарԥшраҿы урҭ аҩыџьа рылшара дууп. Амузыка амч ду амоуп. Аус рыцура маншәалан, имариан. Амузыка аҟазшьеи сара сҭахрақәеи акыр еиқәшәеит, еинаалеит. Убри азы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Анри аранжировка бзиаӡа ҟаиҵеит. Ҳусураҟны иареи сареи ҳхеибарҭәаауан. Убри иалҵшәаны иҟалеит шәара астадионн адәаҟны шәызлаԥшыз.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонифа.
Конифа. - Sputnik Аҧсны
Конифа.

– Арежиссиор иҭахра авизуализациа ҳалацәажәап.

– Баҭал Џьапуа исабжьигеит абри азҵаара аганахь ала асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ Витали Қацәба сидҵааларц. Сара даара сгәы хыҭ-хыҭуан. Избанзар асценари аҽраԥшра авизуализациа акыр иадҳәалоуп. Аха Виталии сареи ҳаицәажәара ашьҭахь сгәы ҭынчхеит. Иареи сареи лассы-лассы ҳаиқәшәалон. Адетальқәа ҳрылацәажәон. Иаразнак ҳаилибакаауан. Витали имоуп ихатә мҿыуасҭацәа, асахьаҭыхыҩцәа, ацех. Адекорациақәа зегьы Аԥсуа драматә театр аҟны идырхион.

– Нарҭаа рцәамаҭәа зӡахыда? Избан урҭ аԥсуа милаҭ маҭәа зыршәымыз?

— Витали иабжьгарала акостиумқәа еиҿылкаауан Стелла Амԥарԥҳа. Сара аԥхьа зынӡа аҽакала акәын иҟаларц шысҭахыз. Авикингқәа иреиԥшны акәын ишызбоз. Аепос аҟны уи атәы ҳәа акгьы ҳәаӡам. Амала иеибашьцәан азы иршәызар алшон адаҷеихаԥса маҭәа. Нарҭаа ирызку акәашарақәа зегьы сеиҭарыхәаԥшит, ҟабардатәии ауаԥстәии епосқәа рышәҟәқәа риллиустрациақәа зегь еилсырхит. Асахьаҭыхыҩцәа зегьы урҭ ирцәамаҭәаны иаадырԥшуа аибашьра амаҭәа – адаҷеихаԥсамаҭәа ауп.

Сара исҭахын урҭ уаанӡа ишырбахьаз акәымкәа аҽакала ицәырызгарц. Стелла уи инақәыршәаны акостиумқәа рескизқәа ҭылхит. Исгәаԥхеит. Аха ҳидеиа мап ацәаҳкыр акәхеит. Даара ахарџь рацәахон.

© Sputnik / Томас ТхайцукВо время генеральной репетиции церемонии открытия Conifa 2016
Во время генеральной репетиции церемонии открытия Conifa 2016 - Sputnik Аҧсны
Во время генеральной репетиции церемонии открытия Conifa 2016

Аҵыхәтәан ҳазааит ишыжәбаз еиԥш реилаҳәара. Џьара иҿыцу акы ахәыцра уадаҩуп. Ирҳәозгьы сазымхәыцит. Иҟан изҳәоз римлианаа иреиԥшуп ҳәа. Зегь раасҭа ихадаз Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны иҵәаху аԥсуа ҳәызба асахьа Нарҭаа рԥыракқәа рҟны ианын. Акәылӡхылԥақәеи ашьапымаҭәеигьы ажәытәтәи аибашьцәа иныҟәыргоз иреиԥштәын.

Сара исҭахын Нарҭаа алакә еибашьцәа рыр иреиԥшны избарц. Сгәы иаанагоит исықәҿиеит ҳәа.

— Нарҭаа ихәмаруадаз? Заҟаҩ ыҟадаз?

— 75-ҩык ыҟан. Зегьы ансамбльқәа "Шьараҭын", "Афырҭын", "Нарҭ", аҳәынҭқарратә ансамбль алахәылацәа ракәын.

Александр Шьоууа - Sputnik Аҧсны
ConIFA-2016 агимн анагӡаҩ Александр Шьоууа аестрада аҿиара дазыԥшуп

— Ацә-цәа иалху амашьына џьашьахәы зхәыцда, иҟазҵада?

— Витали Кацәба. Атеатр аҟынтәи астадион аҟынӡа амашьына иацраҳәаны иаагеит. Ауардыни ажәытә катапультеи еимаркуан ԥшрала. Ампыл адәаҟны ацәырҵра иазкны аидеиақәа иакымызт иҳамаз аха абри аҟны ҳаангылеит. Сара даара исҭахын исҳәарц сгәы иҭаз еилыркаарц. Сааигәара итәақәаз кылкааны срыхәаԥшуан. Ирацәаҩын уи интригак еиԥшны избоз. Иҟаларызеишь ҳәа иԥшуан. Ампыл адәы ианаақәла избеит ауаа агәахәара шрынаҭаз. Иҟалап изгәамԥхақәазгьы џьоук ыҟазар, аха…

– Аԥсны ахсалаа асахьа змаз аплошьчадка зыргылада? Иуадаҩызма атехника аганахьала аиҿкаара?

– Иуадаҩын. Мызкы ахы аҵыхәала апрограмма ҷыда аҿаҵара залшомызт. Убри азы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа алашареиҿкааҩ Колиа ҳиҳәәеит ацхыраара ҳаиҭарц. Сгәы иаанагоит шықәсқәак раԥхьа Нобель ипремиа ианашьахар ауан ҳәа иаҳзеиҿикаази ишаҳзеиҿикаази рзы. 50 канал, аки-аки еишьҭаланы иакыр акәын. Урҭ дара-дарагьы 50 сантиметра асветодиодтә лента ала ишьақәгылан. Дара еишьҭарххны иаҳзаркуамызт. Уажә амаӡақәа зегь сызцәыргом аха Колиа инапқәа хьуп сҳәар алшоит.

- Абри апроцесс аҟны реиҳа иуадаҩыз?

– Аиҿкаара. Ухаҿы иухәыцуа аԥсы ахаҵара. Анагӡара. Ауаа русура аиҿкаара. Ансамбль "Шьараҭыни" егьырҭ ансамбльқәеи кәашарак еицынармыгӡацызт уаанӡа. Сара аамҭак ала 75-ҩык акәашаҩцәа аус рыцзымуцызт. Уи акыр иуадаҩын.

Аиҿкаара иазкыз азеиԥш проблемақәа рыӡбраҿы дсыцхраауан сҩыза, Вианор Бебиа. Иҟалап иара аус азы иаҳҭаххар америкатәи афбатәи афлот Аԥсныҟа иааигаргьы. Иалшозгьы иалымшозгьы зегь ҟаиҵон. Иубарҭам аусурақәа зегьы мҩаԥигон. Исҳәар сылшоит иара иакәымзар иҳалшаз ҳалшомызт ҳәа. Зегьы ҳгәы рызҭеиҵон.

– Акәашаратә ансамбльқәа рнапхгаҩцәа уцхраауазу умацара ақәыргыларақәа ухәыцуазу?

– Зегь сара исхәыцуан. Дарбанызаалак аҽаӡә иҟаиҵо уара ишубо еиԥшхаӡом. Исҭахымзаргьы ирҳәо сақәшаҳаҭхалар акәын, мамзаргьы сара исҳәо ҟарҵалар акәхон. Насгьы ара ахореографиа аасҭа аекран аҿы акәымкәа лабҿаба иубо киноуны акәын ишхәыцыз.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонифа.
Конифа. - Sputnik Аҧсны
Конифа.

– Зегь раасҭа узыцәшәоз?

– Урҭ ҩба ыҟан. Акы — ақәа аур ҳәа сшәон, ҩба – алашара дырцәар ҳәа.

– Алашара аганахьала аплан "Б" азыԥхьагәаҭаӡамзи?

– Мап. Ҳара зны иаҳҭахын агенератор ықәҳаргылар аха уи абжьы дууп. Ақәа аганахь ала "Нарҭаа" ақәыргылараан иаургьы цәгьамызт. Ианаалон. Аха иааидкыланы зегь манншәалахеит. Алашарагьы ҟалеит. Амш бзиагьы ҟалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0