Москватәи аԥсшьаҩы Татиана: Аинтернет аҟны Аԥсны иазку астатиақәа рҿы избахьеит асовет аамҭақәа раан Пицунда КГБ аинститут аус ауан. Уа иҭырҵаауан амшынҳәақәа рыхшыҩдырра ҳәа. Убри атәы еиҳа инарҭбааны ахцәажәара ауама?
Владимир Бегунов, Sputnik Аԥсны: Ари азҵаара Аԥсны Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар изҳархеит.
"Уи КГБ аинститут акәмызт. Иара арра-мшынтә флот азы аҭҵаарақәа мҩаԥнагон. Режимтә обиектын", — иҳәоит Роман Дбар.
Роман Дбар иажәақәа рыла араҟа аҭҵаарақәа мҩаԥызгоз москватәи аҵарауаа ракәын. Аҭыԥантәи аҟазауаа атехникатә усура рнапы ианын. Аиҳарак уи амшынҳәақәа рхылаԥшра, рныҟәгара акәын.
"Иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп амшынҳәақәа зҭаз аӡҭарчы. Уи Алаҳаӡы ауп иахьыҟоу. Уажәы уаҟа ааглыхратә баӷәаза аус ауеит. Ахышәа-ҵышәа 400 метр ԥшьыркца ыҟоуп".
Роман Дбар иазгәеиҭоит ари аҭоурых злеидыруа иара иаб, Саид Дбар убраҟа аус иуан азоуп.
"1960-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, жәабаҟа шықәса схыҵуан саб аинститут ахь сигеит. Оумашәа избеит Амшын еиқәа иҭоу амшынҳәақәа иреиҳау, зоура х-метрак инаӡоу афалинқәа захьӡу амшынҳәақәа анызба. Урҭ иахьанӡагьы сгәалашәараҿы иаанхеит", — иҳәоит Роман Дбар.
Аҵарауаҩ ишеиҭеиҳәо ала аҭҵаарақәа хырхарҭа рацәала имҩаԥыргон. Арахь иаҵанакуан амшынҳәақәа аводолазцәа русурақәа рҟны рыцырхыраара, адиверсиатә операциақәа рҟны рылархәраа убас иҵегьы.
"Амшынҳәа иџьашьахәу ԥстәуп. Аинтеллект рымоуп", ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Аекологиа аинститут адиректор иажәақәа рыла ари арежимтә обиект аусура аанкылан 1970 шықәса рзы.
Оk, Sputnik
2016 шықәса, жәабранмзазы аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны Оk, Sputnik! захьӡу арубрика ҿыц аусура иаланаргеит. Араҟа апортал аԥхьаҩцәа ироуеит алшара Аԥсны иаҵанакуа азҵаарақәа рыҭиразы.
Азҵаарақәа рынашьҭра алшоит FB, VK, Instagram рыла. Анацҳамҭаҟны иарбатәуп ахьӡ. Ажәла, ашықәс, анхарҭаҭыԥ.