Ешьреф Гындиа: зегь реиҳа сгәы ҭызшьаауаз ҳамҭан - аԥсуа нбан

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕшьреф Гындиа.
Ешьреф Гындиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ешьреф Гындиа иабду Гәыдым Ҭырқәтәылаҟа дшықәнагалазатәы еиҭеиҳәоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ешьреф Гындиа иабду Гәыдым дхәыҷын, Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа дынхырҵәаз. Иидыруа игәалашәоз маҷын. Урҭ рахьтә иҟоуп имоҭа Ешьрыф ҳара иаҳзеиҭеиҳәақәаз. Ԥақәашь ақыҭа ихдырҵәаз Гындиаа быжьҭӡык ыҟан. Урҭ зегьы аишьцәа ирхылҵыз ракәын. Аижәлантәқәа Гындиаа нхарҭа ҭыԥс иалырхит Адаԥазар азааигәара иҟоу Џьгьарда ҳәа зыхьӡырҵаз ақыҭа.

Нуриҭҭин Ахба - Sputnik Аҧсны
Нуриҭҭин Ахба: ҳабацәа ҳанацәа иаҳдырбаз ала ҳхы ныҟәаҳгоит
 "Сара сабду Гәыдым ԥҳәысс дигеит Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Назифа Ҳараниаԥҳа. Саб Шьаабан Гындиеи, сан Феҭие Герхьелиаԥҳаи хҩык аҷкәынцәа ҳрааӡеит. Ҳҭаацәараҿы Аԥсны аӡбахә иалацәажәаӡомызт. Ирҳәоз акакәын: "Иахьа уажәраанӡагьы ашьа ықәымбаӡац, зыԥсы ҭаны иаанхаз уаҩытәыҩсак дыҟам. Иахьагьы исгәалашәоит санду исзылҳәоз ашәақәа, урҭ зегьы амыткәма иаҩызан, ҵакыс ирымазгьы абри акәын – Аԥсны блуп акагьы ыҟам…

Сара сышҽысыԥшаауаз сыӡит, срацәахап шысҳәауаз, исымазгьы сцәыӡит, уԥшаауа сышушьҭаз, снауышьҭыӡит, — иажәақәа раӡо, ԥсыуа бызшәа цқьала иеиҭеиҳәон, Ешьреф Гындиа. Саб ихылҵыз ҳара хҩык аишьцәа ҳҟынтәи, аиҳабы дҳаԥхеит, аиҵбы ихныҟәгаразы Франциаҟа дцар акәхеит. Аԥсҭазаара еиҭах ҳаԥсанаҟьеит. Уимоу, иҟоуп аижәлантәқәа еицәыӡқәазгьы. Ааигәа Америка, ҳшымгәыӷуаз, аинтернетла дҳаԥшааит 14 шықәса шихыҵуаз, Ҭыркәтәылантәи аидара мҩанызгоз аӷба иагаз Саадун Гындиа. Иахьа уи 60 шықәса дырҭысхьеит. Иҟоуп ихәыҷқәа, заб иҭоурых дырны, аинтернат ала ишьҭаз сара сԥа аҭак изҭаз. Исҭахуп сыԥсаанӡа уи ила аҭаԥшра. Иани иаби акыр шықәса ишьҭаз алаӷырӡ иаганы рыԥсҭазаара иалҵит. Ари аҩыза агәнаҳарақәа даараӡа ирацәоуп. Еибамбакәа еицәыӡқәаз, адунеи иԥсаҟьаны иалоу ҳаԥсуаа. Сара сгәы иаанагоит ари ауаҩы изы, зегьы иреицәоу хырзамануп. Аԥсҭазаара акыр ҳаԥнашәеит: амла, ахьҭа, ачымазара, алаӷырӡ…

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕшьреф Гындиа ҳамҭас ирҭаз анбан
Ешьреф Гындиа ҳамҭас ирҭаз анбан - Sputnik Аҧсны
Ешьреф Гындиа ҳамҭас ирҭаз анбан

1977 шықәса азы, сара амашьына сааҭыҵны, Аҟәа, асасааирҭа "Абхазия" аҿаԥхьа Аԥсныдгьыл сшьапы анаақәсыргыла, ԥҳәызбак аимхәыц еиԥш сыхәда днахьынҳалан, дсылаҵәан саалгәыдлыҳәҳәалеит. Ашьҭахь, излеилкаахаз ала, Индиана Гындиаԥҳа лакәзаарын. Убасҟан, сара аҳамҭақәа исырҭаз ируакын, зегь реиҳа сгәы ҭызшьаауаз аԥсуа нбан шәҟәы. Усҟан, 49 шықәса ирҭагылаз сара, исыздыруамызт аԥсуа нбан шыҟаз, даҽаџьара ԥсышәала аӡә дышцәажәо, ишыҟоу аԥсуаа, ишҳамоу Аԥсадгьыл. Ишыҟоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа, аԥсуа школқәа. Сара ахааназы аҵара шсымамызгьы, ажәеинраалақәа рыҩра салагеит", ихәеит 87 шықәса ирҭагылоу Ешьреф Гындиа. 

                                 Сгәы

Сара  сгәы ԥсыуа кәасқьоуп.

Хәуадак амоуп иҭбаа-ҭыцәӡа, 

Уа иаҿакуп амаҵурҭа,

Сгәы аашәыртып шәара са сышҟа, 

Шәыҩнала смаҵурҭа ҳааилагылап, 

Ҳнапқәа ааибаркны ҳааивагылап,

Ҳҽеидкыланы ҳара ҳхәыцып, 

Хаҵа-шәакгьы наҳхылҵып,

Ҳаззымдыруа, ҳаилкаа змамгьы, 

Ҳзеиуоу, ҳазусҭцәоу цқьа идҳардырып.


Ажәабжьқәа зегьы
0