СССР аспорт азҟаза Лиудмила Николаи-иԥҳа Фокина 70 шықәса лхыҵит

© SputnikЛиудмила Фокина.
Лиудмила Фокина. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лиудмила Николаи-иԥҳа Фокина – СССР аспорт азҟаза аӡы ахь аԥаразы, зегьеидгылоутәи акатегориа аӡбаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ

АҞӘА, рашәарамза 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лиудмила Николаи-иԥҳа Фокина –СССР аспорт азҟаза, зегьеидгылоутәи акатегориа аӡбаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ 70 шықәса лхыҵит.

Абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны еицырдыруа аспортсменка илаҭәаршьеит адырга ҷыда "Заслуженный работник физической культуры и спорта Республики Абхазия".

Лиудмила Фокина лганахьала иаадырԥшыз агәцаракра ҭабуп ҳәа ахылҳәааит.

"Асеиԥш агәцаракра анурҭо иҟоумҵашагьы ҟауҵоит", — лҳәеит лара.

Фокина лажәақәа рыла, иахьазы Аԥсны атлетика ласы аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит уаанӡа аасҭа.

"Сара уажәгьы ахәыҷқәа азыҟасҵоит. Сус бзиа избоит, аҩны сызтәом. Ҳара амшын ҳаҽԥнынхалоит арахь ҳхәыҷқәа реиҳараҩык аӡсашьа рыздырӡом", — лҳәоит лара.

Лидумила Фокина 12 шықәса анылхыҵуаз аӡахьы аԥара асекциахь днеиит. Дазыҟаиҵон Геннади Қриа. Ҩышықәса рышьҭахь ареспублика еизгоу акомандахь даларҵеит. Лара далахәын СССР жәлар Рспортакиада.

"Лиудмила Николаи-иԥҳа лахь сара снеиит жә-шықәса анысхыҵуаз. Зегьы анык леиԥш даҳзыҟан. Аспорт аҿы аума аԥсҭазаараҿы аума напхгара ҳзылуан. Лиудмила Николаи-иԥҳа иахьагьы ахәыҷқәа азыҟалҵоит. Лара лааӡамҭаҩцәа рацәаҩӡаны аспорт иазҟазацәоуп, Аԥсны иачемпионцәоуп" — лҳәеит атлетика ласы азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Лолита Назарс.

Лиудмила Фокина Аҟәатәи №10 ашкол доушьҭымҭоуп, афизкультуратә институт далгеит. Уи ашьҭахь шықәсык ааҵуаны СССР аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ лоуит. 1972 шықәса рзы Минсктәи аиндаҭларақәа рҟны ахьтәы медал ланашьахеит. Аус луан Аҟәатәи аспорттәшкол №1 аҟны.

1973 шықәса рзы Фокина Зегьеидгылоутәи акатегориа иаҵанакуа ӡбаҩуп ҳәа далырхит. Иакымкәа аиндаҭларақәа рҟны ӡбаҩыс дҟалахьан. 1980 шықәса рзы Москва имҩаԥысуаз Аолимпиадаҟны ӡбаҩыс дыҟан.

Лиудмила Николаи-иԥҳа илааӡамҭацәоуп Валери Багателиа, Лолита Назарс уҳәа ирацәаҩны. 1984 шықәса раахыс асинхронтә ӡсара хкы лнапы алакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0