Рашәарамза 25 рзы иазгәарҭоит анаркотик маҭәашьарқәа рҿагылара Амш. Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа ҳкорреспондент Владимир Бегунов изеиҭалҳәеит Аԥсны анарколог хада Ирма Ануаԥҳа.
– Ааԥсны анаркоманиа апроблема актуалума?
– Ҳәарада. Иҟоу астатистикагьы иҟаҵәҟьоу аҭагыллазаашьа аанарԥшуам. Ҵыԥх ҳара ҳҟны иҭаҩын 1329-ҩык алкоголикцәа, 1113-ҩык анаркоманцәа. Астационартә хәышәтәра иахысит 1072-ҩык алкоголикцәеи 184-ҩык анаркоманцәеи. 124-ҩык адоза иацырҵеит ҳәа иҳазҭаҩын.
– Аԥсыҭбарақәа рыцызма?
– Аӡәы, аха анаркотик акәу алкоголь акәу изыхҟьаз шьақәыргыламызт.
– Шәара иласуи ихьанҭои ҳәа анаркотикқәа еихышәшома?
– Сара иазысыԥхьаӡоит канабис ашьаҭала иҟоу анаркотикқәа: марихуана, гашиш, убас егьырҭгьы еиҳа ишәарҭам ҳәа. Ихьанҭоу анаркотикқәа, агероин ма аметадон реиԥш иҟоу рышьцылара мариоуп, ркажьрагьы уадаҩуп.
– Иахьатәи аамҭазы иҟоума анаркотикқәа урҟәызхуа ахәышәтәра?
– Апациент астационартә хәышәтәра дахысны уиаҿы даагылазар – процентк еиҳам ихәышәтәра. Ус акәымкәа астационартә хәышәтәра ашьҭахь ареабилитациатә центр аҿы хымз ирыдамзаргьы иҽихәышәтәызар 30-40% рҟынӡа инаӡоит ихәышәтәра. Уи ашьҭахьгьы ареабилитациатә гәыԥ даҭаауазар — 80%. Анаркотикқәа рыда анхара иара изы идеологиак еиԥшхоит. Уи агәыԥ аҟны ахадара дгыларц иақәикызар — 98%. Уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам.
– Шәара шә-наркологиатә центр аҟны иҟоума урҭ ирҩызцәоу?
– Иҟоуп. Ҩеижәаҩык рҟынӡа. Иҟоуп зымчқәа еизыркәкәаны анаркотикқәа мап рцәызкыз. Урҭ иахьа егьырҭ реиқәырхараҿ иҳадгылоуп.
– Бжьаратәла ирхыҵуазеи шә-пациентцәа?
–25 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа, реиҳарак аибашьраан иашьцылақәаз роуп.
– Аԥсныҟа еиҳа иаарго иарбан наркотикқәоу?
– Амарихуана араҟа ирааӡоит. Иааргоит аметадон, адезаморфин, атаблеткақәа "Лирика", "Баклосан". Героини кокаини ааргоит, аха урҭ рыхәқәа дууп азы уиаҟара ирацәам.
– Анаркоманиа ишырҳәаҵәҟьо еиԥш ишәарҭома? Ирацәаҩуп еицырдыруа ауаа "ҳаԥсҭазаара зегьы анаркотикқәа ҟаҳҵон" зҳәо.
– Иҟоуп. Аиҳаракгьы аҟазара иатәу ауаа. Аха аӡәгьы изы анаркотикқәа шьҭамҭада имиасӡац. Аӡәы уи хәышықәса дзахысуам, аҽаӡәы, жәаба, жәохә шықәса днанагоит. Аха ишысҳәаз еиԥш зегьы рҵыхәтәы акоуп.
– Шәгәы ишԥаанаго, мышкызны иҟаларыма анаркотикқәа ириааиуа ахәшә?
– Мап.
Рашәарамза 26 аҽны адунеи атәылақәа жәпакы рыҟны иазгәарҭоит анаркотик маҭәашьарқәа рыдкылара аҿагылара Амш. Анаркотикқәеи ацәгьоурақәеи рзы ООН аусбарҭа ишаҳәо ала 2015 шықәса рзы анаркотиктә маҭәашьарқәа здызкыло рхыԥхьаӡара 300 миллион-ҩык ыҟан.