Адица Џьапуаԥха: ари ахьӡ ҳаракы акырӡа саԥхьаҟа аҭакԥхықәра сыднаҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдица Џьопуаԥха.
Адица Џьопуаԥха. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дшыхәыҷыз инаркны акәашара пату ззақәу, заԥхьаҟа зыԥсҭазаара уи иадызҳәыло, ааигәа Адыгеиа Жәлар рреспублика Зҽаԥсазтәыс артист хәа ахьыӡ ҳаракы занаршьаз, Аӽәынҭқарратә Жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" акәашарақәа жәпакы рыхкы назыгӡо Адица Џьапуаԥҳа лтоурых дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Адица Џьапуаԥха лаб Ҭемыр Џьапуа дкәашаҩуп. Иара акыр шықәса инеиԥанкыланы дкәашон ансамбль "Шьараҭын" аҟны, уи аҟнытә Адица даныхәаҷыз инаркны акәашарахь агәыбылра шьҭылкаахьан.

Егьараан саб арепетициақәа анимаз стәаны сихәаԥшуан, саргьы скәашандаз сгәахо сҟалон, лҳәоит лара.

Аҟазаратә ашкол Абаза афестиваль аҟны рықәгылара - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ахәыҷқәа "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аконкурс аҿы иаиааит

"Акәашара бзиа избон есқьынагьы, сара дсыман сызҿыԥшуаз, уи саб иоуп. Скәашаратәы саныҟала сан саҳәшьагьы саргьы ҳалҭеит акәашаратә студиа "Иаирума". Саҳәшьа ҩы-шықәса рышьҭахь иаанлыжьит акәашара, аха сара сыԥсҭазаар зегьы иара иаҿҳәарахеит. Уа скәашон аабатәи акласс аҟынӡа, ашьҭахь шықәсык скәашомызт, изыхҟьаз уи ауп, астудиа азыҳәан сызҳацәеит, ансамбль "Шьараҭын" азыҳәан схәыҷын. Убас шықәсык сгәы хыҭхыҭуа сазыԥшын акәашарахь санбахынҳәуа ҳәа, игәхьаазгон асцена", — ҳәа лгәалалыршәоит раԥхьатәи лшьаҿақәа аҟазарахь Адица Џьапуаԥҳа.

Ажәбатәи акласс дантәаз Адица Џьапуаԥҳа даднакылеит ансамбль "Шьараҭын". Лара иаразнак апрограмма дахьӡеит, акәашацәа инаӡаны дрылагылеит. Аӽәынҭқарратә Жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" далахәыланы раԥхьатәи лконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониа аҟны, шықәсыки бжаки рышьҭахь.  

"Раԥхьатәи аконцерт "Шьараҭынаа" срылагыланы имҩаԥысит афилармониа аҟны. Скәашон Хәаԥаа рыкәашара, уи иахьагьы бзиа избо акәашарақәа ирхыԥхьаӡалоуп, избан акәзар уи убысҟак илыхҿыхуп, угәы ҭнарԥраатә еиԥш", — лҳәоит акәашаҩ қәыԥш.

Адица Џьапуаԥҳа лажәақәа рыла, уи аконцерт ашьҭахь еилылкааит лыԥсҭазаара зегьы акәашара иазылкырц шылтаххаз.

80 шықәса зхыҵуа "Нальмес" акәашара

"Саб ишиҭахымыз сыԥсҭазаара акәашара иадысҳәалеит, избанзар иара идыруеит уи шаҟа аџьабаа ацу, шаҟа иуадаҩу ари аҟазара ахкы амаҵ аура, аха исымуошәа аниба дазыразхеит. Сан лакәзар еснагь авагылара сылоит, лара еснагь лгәы азыҳәон акәашара схы азыскырц", — ҳәа лҳәоит Адица Џьапуаԥҳа.

Акәашаратә студиа "Иаирума" аҟны Адица рҵаҩыс длыман "Шьараҭын" уаанӡатәи акәашаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Анжела Дбарԥҳа, уажәтәи лнапхагҩы Руслан Бебиеи лареи ирҿылҵааз рацәоуп, асценаҟны ахымҩаԥгашьа инаркны, акщашараҿы иаарԥштәу алеишәа аҟынӡа.

"Анжела Дбарԥҳа сара сзы еснагь дҿырԥшыгоуп, илҿысҵааз рацәаӡоуп. Лара еснагь иҳабжьалгон акәашара ҳаҭырла ҳазыҟазарц, иамоу акәама ҵамарақәа зегьы ҳацклаԥшларц. "Шьараҭын" анапхгаҩы Руслан Едуард- иԥа иакәзар уникалтәу напхгаҩуп. Еиԥш зеиԥшу ахореографцәа маҷуп", — ҳәа ацылҵеит лара.

Ансамбль "Шьараҭын" акәашацәа дрылагыланы Адица акырџьара агастрольқәа рахь дцахьеит, аконцертқәа дрылахәхьеит, аха аҵыхәтәантәи ансамбль аныҟәара ҽакы иаламҩашьо ныҟәароуп. Лыԥсҭазаараҿы хҭыс дууны иаанхо акоуп.

"Ҳара ҳалахәын Адыгеиа Жәлар рреспублика 25 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт, уи ахырқәшамҭаз ирыларҳәеит Адица Џьапуаԥҳа Адыгеиа зҽаԥсазтәыс артист ҳәа, аԥхьа ихасымҵеит, слымҳа сажьама сгәахәеит, мамзаргьы ирцәеилагазар, аха ҳнапхгаҩы Руслан Бебиа санихәаԥшы еилыскааит асценах ацәырҵра шаҭаху. Акыр аамҭа ари ажәабжь схахьы исзаагомызт. Сҭаацәа ианраҳа акырӡа еигәырӷьеит. Ари ахьыӡ ҳаракы акырӡа саԥхьаҟа аҭакԥхықәра сыднаҵоит ", — ҳәа лҳәоит Адица Џьапуаԥҳа.

Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

Адица Џьапуаԥҳа ААУ афилологиатә факультет, ажурналистика азанааҭ ала аҵара лҵоит, аҩбатәи акурс аҟны дтәоуп. Аҵараҿы акәашара сԥырхагам, иара аилыхра сзыҟалар ажурналистика ааныжьны исызгәакьоу ансамбль сазааԥсылоит, ҳәа лҳәоит лара.

"Акәашара ахааназ иаансыжьуам. Иамуа иҟалар сҵара аансыжьыр ҟалап, акәашара ацкьыс, аха уи еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлап ҳәа сгәыӷуеит", — ҳәа  лхәоит лара.

19 шықәса ирҭагыло акәашаҩ қәыԥш Адица Џьапуаԥҳа Аӽәынҭқарратә Жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын"  иамоу ахьӡ —аԥша ишахәҭоу иныҟәылгоит, илыду аҭакԥхықәра еилылкаауеит. Акәашаҩ қәыԥш лгәы азыҳәоит гәыкала дыззыҟоу ансамбль еснагь далагылазарц, лҟазараа еизларҳаларц. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0