80 шықәса зхыҵуа "Нальмес" акәашара

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Нальмес" асахьаркыратә напхгаҩы Аслан Хаджиев.
Ансамбль Нальмес асахьаркыратә напхгаҩы Аслан Хаджиев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адыга жәлар рыкәашаратә академиатә ансамбль "Нальмес" асахьаркыратә напхгаҩы Аслан Хаджиев ҳкорресподент Саид Барганџьиа изеиҭеиҳәеит ансамбль аҭоурых.

- Аслан Мурадин-иԥа, Аԥсны ирацәаҩуп ансамбль "Нальмес" абзиабаҩцәа. Аколлектив аҭоурых ду амоуп. Иаҳзеиҭашәҳәа ансамбль шаԥырҵаз атәы.

— 1936 шықәса рзы акәын. Усҟантәи Адыгатәыла Акультура аминистрра иҟанаҵеит адҵа раԥхьатәи апрофессионалтә ансамбль аԥҵазарц. Ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аԥҵараан ауадаҩрақәа ыҟан. Акадырқәа азхомызт. Ансамбль анапхгара аулқәа ирылаланы ашәаҳәацәеи акәашацәеи еизыргон.

Убас, 1950 шықәса рзы ансамбль аҟны дкәашон сара сабдугьы. Сынтәа ҳара 80 шықәса ҳхыҵуеит. Ҳиубилеитә тур Аԥсны ихацҳаркырц ҳаӡбеит.

- "Нальмес" Аԥсны иҟан 1994 шықәса рзы, аԥсуа жәлар риааира шықәсык ахыҵраан. Убри атәы ҳзеиҭашәҳәа.

Аҟәа имҩаԥысит "Нальмес" аконцерт

— Сара усҟан Аԥсны сыҟан. Ансамбль "Кавказ" аԥҵара ианаҿыз акәын. Уи аколлектив раԥхьатәи ақәгылара салахәын. Саб, Мурадин Хаджиевгьы ара дыҟан. Даара ибзианы исгәалашәоит усҟантәи аамҭа. "Нальмес" аҳәааҟны иаԥылоз срылан.

- Ирҳәоит ареспубликатә стадион анапеинҟьабжь ахыҵәон ҳәа.

— Ҳәарада, иухашҭуа иҟамызт. Ҳцәаныррақәа мшынцәқәырԥан ихыҵуан. Ианысгәалашәо, зегь сызҿыцхоит. Астадион уаала иҭәын. Амузыкабжьы хнаҩон ауаа ргәырӷьабжьқәа. Аконцерт иалахәын "Кавкази" "Шьараҭыни".

- Ииасыз 23 шықәса рыла "Нальмес" апрограмма аҽышԥаԥсахи?

— Уажә иаагаз апрограмма зынӡа иҽакуп.

- Ансамбль 80 шықәса ахыҵуеит. Заҟаҩ акәашаҩцәа "Нальмес" ашкол иахысзеи?

— Сара сҭаацәа абри аколлектив аҟны 20 шықәса аус руит. Саб хәышықәса инарзынаԥшуа ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. Зықьҩыла акәашаҩцәа "Нальмес" ашкол иахысит. Иахьа абалеттә гәыԥ иартәоит 60-ҩык акәашаҩцәа.

- Иарбан кәашарақәоу инанагӡо "Нальмес"?

— Адыгатәқәа. Иҟоуп аԥсуа кәашарақәа ҩба.

- Атур Аԥснала шәалагеит. Нас шәымҩа абахоу?

— Ааигәа Китаинтәи ҳхынҳәит. Ҳара ҳтур Аԥсны ала ихацаҳмыркыр ҟаломызт. Ансамбль азы уи аҵакы амоуп. Арахьынтәи ҳаныхынҳәуа Шәача имҩаԥысуеит ҳконцертқәа. Аԥхын – Амшын Еиқәа иахьаԥну, ҭагалан — Нхыҵ Кавказ зегьы еимаадараны ҳаҟоуп. Иара убасгьы ҳгәы иҭоуп Ермантәылеи Азербаиџьани рҭаара. Аиубилеитә концерт мҩаԥгахоит Маиҟәаԥ, жьҭаара 25,26 рзы.

Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

- Шәыкәашарақәа знык избаз изихаршҭуам. Ишԥеиуеи урҭ?

— Есҽны, асабшеи амҽышеи рыда, асааҭ 10 инаркны асааҭ хԥа рҟынӡа арепетициақәа ҳамоуп. Даара аџьабаа рыцуп.

- Кавказтәи акәашарақәа амцаԥшь иаҩызоуп. Рҵара мариоума?

— Ушьа иаламзар – иуадаҩуп. Угәы азҭазароуп.

- Шәара шәзы "Нальмес" ҵакыс иамоузеи?

— Исыԥсҭазаароуп. Арҭ ажәақәа ибашаны иҳәоу ракәым. Аколлектив асценахь сцәырҵит 1979 шықәса рзы. Сара уа аус зуам, сара уа сынхоит. "Нальмес" сара исыԥсҭазаараҵәҟьоуп.

- Шәтур иалагӡаны Аԥсны имҩаԥыжәгоит аконцертқәа. Аԥсуа хәаԥшҩы иҟынтәи шәыззыԥшузеи?

— Сара ибзианы исгәалашәоит аԥсуа публика. Аԥарда анаадыртлак ашьҭахь акәашацәа апублика рыԥхарра рнырыр ауп. Ҳара ҳзы иреиҳау сценаны ишьоуп Аҟәа, Нальчик, Черқьесск. Ҳара ҳаишьцәоуп. Нарҭаа ҳархылҵшьҭроуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0