Гыцба: аԥжәарақәа раан кавказтәи адиаспораҟынтәи машәыр иақәымшәеит

© AFP 2023 / ILHAS NEWS AGENCСҭамԥылтәи аҳаирбаӷәазаҟны аԥжәарақәа ҟалеит аҩаша, 22:00 сааҭ рзы.
Сҭамԥылтәи аҳаирбаӷәазаҟны аԥжәарақәа ҟалеит аҩаша, 22:00 сааҭ рзы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭамԥылтәи аҳаирбаӷәазаҟны жәларбжьаратәи атерминали, амашьынақәа рыргыларҭеи, аҩналарҭеи рҟны аԥжәарақәа ҟалеит аҩаша, 22:00 сааҭ рзы.

АҞӘА, рашәарамза 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ататриук ихьӡ зху Сҭамԥылтәи аҳаирбаӷәазаҟны жәларбжьаратәи атерминали, амашьынақәа рыргыларҭеи, аҩналарҭеи рҟны аԥжәарақәа ҟалеит аҩаша, 22:00 сааҭ рзы. Аԥжәарақәа раан кавказтәи адиаспора рҟынтәи аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа ааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба. - Sputnik Аҧсны
Гыцба: аԥжәарақәа раан ҳџьынџьуаа аӡәгьы ԥырхага имоуит

"Ҳара ес-сааҭ аинформациа ҳауеит Ҭырқәтәыла иҟоу акультуратә центрқәа Рфедерациа аҟынтәи. Иаҳҳәар ҳалшоит аԥжәарақәа раан кавказтәи адиаспора рҟынтәи аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа. Абри аамҭазы иҭахаз 27-ҩык рыԥсыбаҩқәа еилкаауп ҳәа. Ахәра змоу рҟынтәи аӡәы Урыстәыла датәылауаҩуп. Уи иҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Инар Гыцба иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥжәарақәа раан аҳаирбаӷәазаҟны ареис Сҭамԥыл-Шәача ахь аҭаҩрақәа хыркәшан, уи ареис аҟны иҟан Аԥсны атәылауаагьы ҳәа.

"Анцәа иџьшьаны урҭ аԥжәарақәа аныҟалоз аамҭаз дара аԥырраԥхьатәи ауадаҿы еизахьан, аҳаирбаӷәаза аусуҩцәа урҭ иаарласны аҳаирплан асалон ахь инаргеит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит", — иҳәеит Гыцба.

Инар Гыцба иҳәеит Аԥсны ахаҭарнакра атеракт иахҟьаны иҭахази ааха заузи рсиа лымкаала иашьклаԥшуеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0